Аминистрцәа Реилазаараҿы аԥшьашаҽны имҩаԥысит Аԥсны азеиԥш иурисдикциа аусӡбарҭақәа еҿыркааижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатә. Аиубилеи азгәаҭаразы Аҟәаҟа иааит Урыстәылеи Аахыҵ-Уаԥстәылеи Иреиҳаӡоу русӡбарҭақәа рхаҭарнакцәа рделегациа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра азеиԥш иурисдикциа аусӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра инамаданы Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Ахантәаҩы Саида Быҭәба адныҳәаларатә шәҟәы лзынаишьҭит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа.
Маи жәаҩа рзы Аҧсны жәлар рпоет, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 106 шықәса ҵит.
Маи 14 – иналукааӡаша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба имшира ауп. Иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуан 78 шықәса.
Маи 2 рзы Аҧсны асахьаҭыхцәа рцәыргақәҵатә зал маҷ аҿы имҩаҧысит асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аграфика азҟаза Адгәыр Амҧар инапкымҭақәа рцәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа еиднакылон 30 инареиҳаны аҭыхымҭақәа.
Асахьаҭыхҩы Адгәыр Амҧар дазҟазоуп аҧшшәи аформеи реилаӡҩара, саркьаҵас аш ианыҧшуа афигурақәа ирну асахьақәа угәаладыршәоит урҭ рсимволқәа акалашәа еибыҭоуп аҧшшәы рацәа змоу аџьоуҳар иналаӡ ицоит.
78 шықәса нҭакәкәа ишцазгьы, иахьагьы иргәалашәоит, ҳаҭыр дула рыхьӡ-ҧшьа рҿыҵакуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа.
1941-1945-тәи ашықәсқәа Аҧсны хәыҷы иазыннажьит ахәра ҕәҕәа, иреиҕьӡаз ҳҵеицәеи, ҳҭыҧҳацәеи рхы мшаҭа афашизм иаҿагылеит бџьаршьҭыхла.