Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Маи 21 рзы Аҧсны, иара убас Кавказ ажәларқәа зегьы иазгәарҭоит аҭоурых еиқәаҵәа – амҳаџьырцәа Рымш. Кавказ аибашьра иалаӡызи, мчыла зтәыла иахыганы иқәырцаз ҳажәлари ргәалашәара игәыҭшьаагоу мшуп.
Аԥсны ажәытәӡатәи ақьырсиан тәылақәа ишреиуоу азы шаҳаҭра руеит уи ахы-аҵыхәа игылоу ақьырсиан баҟақәа, ауахәамақәа, аԥшьаҭыԥқәа. Убарҭ иреиуоуп иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩ Симон Кананит иуахәамагьы. Аԥсны иалкаау аҭоурых рыцхәқәа инарыдкыланы, маи 23 Симон Кананит Имш ауп, ҳтәылаҿы ныҳәаны, ԥсшьарамшны иазгәарҭоит 2013 шықәса инаркны. Ари аҽны хыԥхьаӡара рацәаҩыла адинхаҵаҩцәа Анцәаиҳәара мҩаԥыргоит уи ауахәама аҿаԥхьа.
Маи 21 азы, Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш аҽны, Ҭырқәтәыла иаартын абаҟа. Уи рхы аладырхәит Аԥснытәи аделегациагьы – Жәлар Реизара адепутатцәа, арепатриациазы Аԥсны Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы.
Ажәлар рҟәыҕара, рыхшыҩҵарра, зегь рылымкаа, ажәаҧҟақәа ирныҧшуеит. Ишаадыруа, ажәаҧҟа ҳәа иашьҭоуп еилацалоу, исахьарку ахшыҩҵак змоу ажәаҟәыш (ажәеиқәыршәа).
Маи 13 азы Краснодартәи атәылаҿацә Павловсктәи аҽырҩырҭаҿы иаартын 2023 шықәсазтәи аҽырыҩра асезон. Уи инақәыршәаны имҩаԥысит аиԥхныҩларақәа жәба. Руак азкын 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз ргәалашәара. Аиԥхныҩларақәа ирылахәын Адгәыр Ԥачалиеи Ахра Ашәбеи рҽқәа, иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭкомспорт.
Ааигәа Аҧсны ауаажәларратә еиҿкаара «Ахеиқәырхара» имҩаҧнагеит апресс-конференциа амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа алархәны. Уи аиҿкаара рҽаладырхәит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ирина Басариа, аматематикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Чамагәуа, ауаажәларратә усзуҩцәа Иура Кәыҵниеи Шамиль Аӡынбеи.