Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Есышықәса, аԥхынра раԥхьатәи амш аҽны аӡӷабцәа, аҷкәынцәа, иара убас урҭ рҭаацәа иазгәарҭоит ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш.
Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан х-зҵаарак.
Маи 30 рзы имҩаҧысит Аҧсны аоппозициатә мчрақәа зымҩаҧгара азҧхьагәаҭан ирымаз амитинг. Уи иалагаанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Иазгәеиҭеит аоппозициатә мчрақәа имҩаҧыргараны иҟоу амитинг аҟны Аҧсны Азакәан инақәыршәаны ахымҩаҧгара шаҭаху. Азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рышҟа дҵаны иқәиргылеит аилагарақәа ҟамларц азы ирылшо зегьы рыҟаҵара, ишакәым аӡәы ихы мҩаҧигозаргьы, азакәан ишаҳәо ала изныҟәара.
Маи 29 азы 12 шықәса ҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи (1949 март 4 – 2011 маи 29).
Cынтәа 160 шықәса ахыҵит Н.А.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи Ашьхауаа ршкол. Хыҧхьаӡара рацәала амилаҭтә кадрқәа еиҵанааӡахьеит. Ашкол есымшагьы иадҳәалоуп атәыла аҭоурых, уи иқәынхо ажәлар рыҧсҭазаара, ргәеисра.
Ишаҧу еиҧш, маи 18 рзы жәларбжьаратәи амузеиқәа рыҵх азгәаҭара иамшуп. Убас ари амш азы Аҧсны амузеиқәа зегьы рҿы рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭон. Амузеиқәа ирҭаауеит ашкол хәыҷқәа, аҵарауаа, ауаажәларра, агәаҳәара змоу зегьы.