«Москва Аҩны» апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аусмҩаԥгатә иалахәхеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа рхәыҷқәа.
Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Гагра ақалақь ахь агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигеит. Аминистр иԥылеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаа Адамыр Ҵәышәбеи араионтә Еизара адепутатцәеи.
Аусуратә визитла Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата апрезидент Тамила Мырцхәлаа ақалақь Бурса Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгара ахаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аԥсныпресс. Башкириантәи раԥхьатәи аԥышәаратуристтә гәыԥ ааигәа Аԥсныҟа амҩа иқәлоит. Аныҟәара «Башкириеи Аԥсни рышықәснҵыра ду» апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Башинформ.
Аԥсныпресс. Аԥсны иҿыцу даҽа азанааҭныҳәақәа хԥа азгәарҭалоит. Ашәахьа, рашәарамза 5 рзы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Апарламенттә еилакы аилатәара мҩаԥысит.
Аԥсныпресс. Рашәарамзазы Шәачантәи Аԥсныҟа иаараны иҟоуп акруизтә лаинер «Князь Владимир». Абри азы РИА «Новости» ахь адырра ҟаиҵеит Шәачатәи амшынтә баӷәаза аиҳабы Иури Владимиров.