Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Маи 1 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Лыхнашҭа даҭааит. Ибеит апрель 5 азы ааха зырҭаз аҭәаҵла ду аҭагылазаашьа. Аҭәаҵла абӷьы ҿалеит, иара еиқәхоит ҳәа агәыӷра ыҟоуп.
Маи 1 азы Гәдоуҭа ақалақь аҟны Аԥсны иналукааӡаша аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Лакоба диижьҭеи 130 шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡеит.
Аҳәынҭқарреи Гәдоуҭа араиони рнапхгаҩцәа, ауаажәларра, аижәлантәқәа Лакобаа, Аԥсны Акоммунисттә партиа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа Н.А.Лакоба ибаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс акультура Аҩнаҿы имҩаԥысит Лакоба игәалашәара ахәылԥаз. Уи даҭааит аҳәынҭқарра Ахада.
Нестор Аполлон-иҧа Лакоба диит 1893 шықәса маи 1 азы Лыхны ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы. Иара иира мызқәак шагыз иаб дыршьит. Аҵара иҵон ауахәаматә школ аҟны, анаҩс иқыҭа гәакьаҿ ҩ-класск змаз ашкол далгеит. Дшыхәыҷыз инаркны деилҟьан, дҵарын. Қарҭтәи адоуҳатә ҵараиурҭагьы далгеит. Уаҟа аҵара иҵон 1905-1910 шықәсқәа рзы. Анаҩс, иара убас дҭалеит адоуҳатә семинариа. 1911 шықәсазы ареволиуциа апропаганда ахьыҟаиҵоз азы дҭырцеит. Иара убри ашықәс азы Баҭымҟа дцеит, ихала иҵара иациҵон. 1912 шықәса сентиабр азы РСДРП (б) далалеит. Апартиатә усура мҩаҧигон Аҷара. Аха уаҟа дықәымҵыр ада ҧсыхәа имоуит, аамҭақәак Аҧсны дыҟан, нас – Грозныи. Уаҟа Волга-Камсктәи абанк аҟәшаҿы аус иуан. 1915 шықәса маи азы екстернла далгеит Грознитәи ареалтә ҵараиурҭа. 1916 шықәсазы Харковҟа дцеит, дагьҭалеит уатәи ауниверситет аиуристтә факультет, аха иҵара ааныжьны Аҧсныҟа дымхынҳәыр амуит.
Апрель 25 аҽны адыга (ачерқьес) бираҟ Амш иазкын Аҟәа, ахәылԥаз Амҳаџьырцәа Рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысыз агәырӷьаратә ныҟәара. Уи иалахәыз адыга, аԥсуа бираҟқәа шьҭыхны С.В. Багаԥшь ихьӡ зху Ашҭа аҟынтәи Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иааит. Уаҟа имҩаԥысит Адыгеиеи Аԥсни рырҿиаратә коллективқәа рконцерт.
Аԥсынтәыла агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи ҩныс, иара убас иҿыцу ҧсадгьылны ирзыҟалеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш азы аерман жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылаз ҩеижәиак зҵаара шьақәырҕәҕәан, урҭ рахь иацҵан даҽа х-зҵаарак. Аусура иалагеит Жәлар Реизара афбатәи ааҧхьараан ирыдыркылаз изыцҵоу ахә азы ашәахәтә азакәан апроект ала. Араҟа иалагалоу аиҭакрақәа ашәахтә иаҵанакуа акатегориақәа ҳәаақәырҵоит. Ари азакәан апроект рыдыркылеит ахҧатәи, аҵыхәтәантәи аҧхьарала.