Маи 21 азы, Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш аҽны, Ҭырқәтәыла иаартын абаҟа. Уи рхы аладырхәит Аԥснытәи аделегациагьы – Жәлар Реизара адепутатцәа, арепатриациазы Аԥсны Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы.
Ажәлар рҟәыҕара, рыхшыҩҵарра, зегь рылымкаа, ажәаҧҟақәа ирныҧшуеит. Ишаадыруа, ажәаҧҟа ҳәа иашьҭоуп еилацалоу, исахьарку ахшыҩҵак змоу ажәаҟәыш (ажәеиқәыршәа).
Маи 13 азы Краснодартәи атәылаҿацә Павловсктәи аҽырҩырҭаҿы иаартын 2023 шықәсазтәи аҽырыҩра асезон. Уи инақәыршәаны имҩаԥысит аиԥхныҩларақәа жәба. Руак азкын 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз ргәалашәара. Аиԥхныҩларақәа ирылахәын Адгәыр Ԥачалиеи Ахра Ашәбеи рҽқәа, иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭкомспорт.
Ааигәа Аҧсны ауаажәларратә еиҿкаара «Ахеиқәырхара» имҩаҧнагеит апресс-конференциа амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа алархәны. Уи аиҿкаара рҽаладырхәит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ирина Басариа, аматематикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Чамагәуа, ауаажәларратә усзуҩцәа Иура Кәыҵниеи Шамиль Аӡынбеи.
Амҩа-транспорттә хҭыс инамаданы, хә-ҩык ауаа ҭахеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба амҩаҿы шәарҭадарада аныҟәара азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара ҷыда мҩаԥигеит, акадр рганахьала аԥсахрақәа жәпакы ҟаиҵеит.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба дырԥылеит аусӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра иазкны иааз Урыстәыла Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аделегациа.