Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адгәыр Агрба изаамҭанытәиу акласстә чын ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аусԥҟа аҟны иазгәаҭоуп: «Ианашьазааит «Аиустициа 3 акласс иаҵанакуа аҳәынҭқарратә абжьгаҩ» ҳәа изаамҭанытәиу акласстә чын Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада Агрба Адгәыр Нугзар-иԥа».
52 шықәса дшырҭагылаз, акыраамҭа ихьуаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны, иԥсҭазаара далҵит арепатриант, Аԥсны Жәлар Реизара аԥшьбатәи ааԥхьара адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Сонер Неџьми-иԥа Гогәуа.
«Ҩымзҟа раԥхьа уи Сҭампылынтәи диаргеит Москва ареабилитациатә центрқәа руак ахь. Ари ҳажәлар рзы, хаҭала сара сзы цәыӡ дууп», – Аԥсныпресс аҟны абас иҳәеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Аԥсныпресс. Аԥсны Очамчыра араиони Удмуртиа (Урыстәыла) Алнаштәи араиони акультура, атуризм, аҵарадырра, аспорт, ақыҭанхамҩа уҳәа рганахьала аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит, – иаанацҳауеит Очамчыра-информ.
Абарҭ амшқәа рзы Очамчыра ақалақь иаҭааны иҟан Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспублика Алнаштәи араион аделегациа. Уи напхгара аиҭон араион ахада Алеқсеи Семионов.
Асҭамыр Гәынбеи Мараҭ Кокосқьериеи аиааира ргеит, Баграт Ԥандариа иакәзар, ахацәа рыҩнуҵҟа ахы иақәиҭны аиқәԥаразы Ацентртә федералтә округ ачемпионат аџьаз ԥхьахәы ианашьахеит, – иаанацҳауеит Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы асаит. Ачемпионат мҩаԥысуан Брианск.
Аԥсныпресс. 2023 шықәса хәажәкырамза 1 инаркны лаҵарамза 31 аҟынӡа Аԥсны еиҭамҩаԥысуеит атәанчаҩцәа рышәҟәҭагалара. Уи азы ақәҵара рыдыркылеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы. Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба аиҭашәҟәҭаҩра шымҩаԥысуазы адырра ҟаиҵеит.
Аԥсныпресс. Аекономика Аминистрра Адҵала Џьынџьал Ҭемыр Иван-иԥа Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хадас дҟаҵоуп. Ҭемыр Аџьынџьал 2007 шықәса раахыс Аҟәа ақалақь ахадара Амуниципалтә унитартә наплакы «Аҟәатәи СУЕС» адиректорс аус иуан, афымцамч аусхкы аҿы – 1996 шықәса инаркны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.