Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аламҭалазы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи иҭахаз рҭаацәеи асоциалтә цхыраара рыҭаразы ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны, аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Бадра Апарламент ахь инаишьҭит атәанчаҩцәа иалкаау ркатегориақәа ртәанчахәы ашьҭыхра иазку азакәан апроект.

73-шықәса дшырҭагылаз машәырла дҭахеит еицырдыруаз аԥсуа ҭоурыхдырҩы, алитератор, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуаҩ, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭоурых аҟәша анаукатә усзуаҩ еиҳабы, Адыгатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз анаука аусзуаҩ Станислав Зосим-иԥа Лакоба.   

Станислав Зосим-иԥа Лакоба диит жәабранмза 23, 1953 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы.

 Далгеит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә Институт аҭоурых-филологиатә факультет.  Аинститут а

 Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымши Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амши разгәаҭара иазку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәара иалахәын атәыла аԥыза-министр Валери Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  Беслан Ешба,  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Арбџьар мчқәа рыштаб хада аиҳабы Владимир Савченко, Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Ҭемыр Агрба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр.

Иахьа, Москва ақалақь аҿы Ареспублика Аԥсны Жәларбжьаратәи Акультура-усуратә Центр Афонд ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы, адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәаҵа (ВДНХ) адиректор хада Сергеи Шогурови аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит.

Аԥсны астатуси уи ахьыԥшымреи рызҵаара алацәажәара Қырҭтәылаҿы ҳгәы иҭаӡам. Абри атәы иҳәеит Кавказтәи аинвестициатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС астудиаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.  

2025 шықәса ажьырныҳәамза инаркны лаҵарамза иахыԥхьаӡалоу атәанчахәқәеи, аԥаратә цхыраагӡатәқәеи, урҭ рыцҵақәеи реицҵалыҵ 551 млн. 671 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Абри азы адырра ҟаиҵеит Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы  Денис Гылариа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me