Лыхнашҭа – ижәытәӡоу, иссирӡоу, еснагь иҿоу, ҳаҧсадгьыл агәеисырҭа, агәа­цаҧха! Аҧсуа дзырҿыхо, дзыр­хәыцуа, аҭоурых ӡыблара далызго, дхьа­зырҧшуа ашҭа-ҧшӡа! Аҧсуа иџьынџьыз, иҧсад­гьылаз ашьа зқәыршу!

Лыхнашҭа – ари ажәа аҧсуаа зегьы ҳзы иҧшьоу ажәоуп. Агәырҕ­ьаратә, афырхаҵаратә ашәақәа зҭыҩҩуаз ари ашҭа иахьа алахь еиқәуп.

Мшаԥымза 6. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит.

Афымцамч аганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәа­жәара иазкын атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имҩаԥигаз аусуратә еилатәара ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара Ҳақалақь» алахәылацәа рпресс-конференциа мҩаԥысит. Активистцәа ақалақь аҿиара, зинда аргылара, аҳҭны-қалақь аҭоурыхтә хәҭа иахьаҵанакуа ҿыц иргылахо аобиектқәа реихагылара уҳәа ирыдҳәалоу апроблемақәа ирылацәажәеит. Хықәкыла ажәалагалақәагьы ҟаҵан.

«Арратә уалԥшьазы» 2014 шықәса маи 6 азы, «Атәылахьчаразы» 2006 шықәса ианвар 4 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа рышьаҭала, «Аԥсны атәылауаа 2023 шықәса апрели ииуни рзы аррамаҵзурахь рнаԥхьаразы, аррамаҵзура иахысуа атәылауаа рхы рақәиҭтәразы» 2023 шықәса март 22 азы Аԥсны Ахада Иусԥҟа анагӡаразы:

Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба аконкурс «Ҳара анарко­тикқәа ҳарҿа­гылоит» аҟны аиааира згаз аҳамҭақәа ранеи­шьеит. Аицлаб­рақәа ирылахәын Гәылрыԥшь, Гал араионқәа, Очамчыра, Тҟәарчал ақалақьқәа рҟынтәи абжьа­ратәи ашколқәа рҵаҩцәа. «Акон­курсқәа еиҿкаахеит ашкол­хәыҷқәа рзинтә дыррақәа рышьа­қә­гылара, иара убас ақәыԥшцәа рыбжьара анаркотикатә маҭәа­шьарқәа рыдкылара аганахьала анегативтә зыҟазаара рыла­аӡара аҿар рыбжьара агәабзиара, еиҷаҳарыла азнеира хықәкыс иҟаҵаны», – ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩнуҵ­ҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me