Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Маи 13 азы Краснодартәи атәылаҿацә Павловсктәи аҽырҩырҭаҿы иаартын 2023 шықәсазтәи аҽырыҩра асезон. Уи инақәыршәаны имҩаԥысит аиԥхныҩларақәа жәба. Руак азкын 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз ргәалашәара. Аиԥхныҩларақәа ирылахәын Адгәыр Ԥачалиеи Ахра Ашәбеи рҽқәа, иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭкомспорт.
Аҽырыҩра асезон аартра иазкыз аиԥхныҩлара иалахәын Адгәыр Ԥачалиа иҽы, Аԥсны Голд ҳәа хьыӡшьарас измоу. Араб ҽыжәла еиуоу аҽқәа рзы 1800 метра аиԥхныҩлараҿы уи аԥхьа инеит.
Иара убас, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазкыз аиԥхныҩлараҿы урҭ аҩыџьагьы рҽқәа алахәын. Акы аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит, даҽакы ахԥатәи, егьи аԥшьбатәи.
Ԥшьышықәса инареиҳаны изхыҵуа аҽқәа реиԥхныҩлараҿы Старк ҳәа хьыӡшьарас измоу Ахра Ашәба иҽи, Гаркун ҳәа изышьҭоу ахра Ԥачалиа иҽи рылахәын. 2000 метр ахьыбжьаз аиԥхныҩлараҿы Старк аԥхьа инеит, Гаркун – ахԥатәи.