Абри амш аҽны, 35 шықәса раԥхьа, ҳаамҭазтәи абанктә система ашьаҭа кын, ари аамҭа иалагӡаны уи ашьақәгылара амҩа ианысит, ирхысит аԥышәара уадаҩқәа, иахьагьы аҿиарамҩа иануп.
Аԥараҿырпы атираж - 200 цыра инаӡоит. Уи 925 аҩаӡара змоу араӡынцқьа иалхны иҟаҵоуп. Аԥараҿырпы адиаметр 39 мм ыҟоуп, акапан - 33,94 грамм.
Аҧсны аинформациа амассатә хархәагақәа русзуҩцәа рымш ныҳәа аҽны Аҧсны Ахада Бадра Гәынба аусҧҟақәа инапы рыҵаиҩит гәыҧҩык ажурналистцәеи, аинформациа амассатә хархәагақәа русзуҩцәеи аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵаразы.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Акыр иаҧсоу Аҧсны аинформациатә хархәагақәа русзуҩцәа!
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуцәа!
Аԥсҭазаара еснагь ԥхьаҟа ицоит, аамҭа ҭыԥк аҟны иаангылом… Адунеи аҟны есымшааира аиҭакра ҿыцқәа ҟалоит.