Аиааира 32-шықәса аҵра амш инамаданы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан.

Гәымсҭа аӡиас ихықәгылоу аҩнқәа руак аҿы дынхоит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу Хьымца Смыр. Адгьыл анырҭиуаз, иҩызак иааимырхәар имуит.

«Иахьа иԥшьоу Амемориал аҿаԥхьа ҳаизеит, Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы зегьы реиҳа ихадоу, иԥшьоу аныҳәа — Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭаразы».
Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Аҟәатәи аҟәшеи, Урыстәылатәи абыжьбатәи арратә бареи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаразы Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿаԥхьа аныҳәатә парад иқәсит.

Иҭахаз ргәаладыршәарц имҩахыҵит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, атәыла Анапхгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспублика анапхгара ахантәаҩы Константин Џьуссоев, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәлара рхаҭарнакра.

Иԥшӡаз, иуаҩыаамсҭашәаз, ганзегьрыла адырра ҵаулақәа змаз, аҵарауаҩ ду, аполитик нага, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Жәлар Раԥхьагыла Владислав Григори-иԥа Арӡынба илшарақәа рзы иахьагьы иахәҭоу ажәа ҳәам. Уимоу, аҳҭнықалақь Аҟәа игылам ибаҟа, уи хьаа дууп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me