Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ, аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атәылахьчара Аминистрра даҭааит ирласу-атактикатә зыҟаҵарақәа рынагӡареи рымҩаԥгареи ирызку арҵара-методикатә ҽазыҟаҵарақәа напхгара рыҭаразы.
Аԥсны Абанк хә-банкнотк ҭнажьит. Иааиуа ашықәс азы иазԥхьагәаҭоуп даҽа ҩ-банкнотак рҭыжьра: 250 аԥсар ицо, Нестор Лакоба изку абанкнотеи, хә-аԥсарк инаӡо «Аԥсны Афлореи Афауни» асериа аҟынтәи банкнотаки.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа иқәгылараҟны инаҵшьны иҳәеит атәыла азанааҭтә лшарақәа рырҭбааразы акрызҵазкуа ашьаҿа шыҟаҵоу.
Ааигәа, И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧган алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зыхҵоу, «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Руслан Хәанеи-иҧа Қапба 90 шықәса ихыҵреи уи аҵыхәтәантәи аамҭазы аус здиулоз, иҩыза гәакьа, ашәҟәыҩҩы Сергеи Кәыҵниа ирҿиареи иҧсҭазаареи ирызку ашәҟәы «Сергеи Кәыҵниа» аӡыргареи.
Сентиабр 20 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭеит ареспублика 35-шықәса ахыҵра Амш. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба уи мышкы шагыз Цхьынвал даҭааит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба напхгара зиҭоз Аԥсны анапхгарра рхы аладырхәит иналукааша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩы, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, Аԥсны аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Станислав Лакоба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазку алахьеиқәҵаратә церемониа.