Ҭемыр Агрба аделегациа гәаартыла идикылеит, акыр зҵазкуа ари амш азы раара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ремзи Кәыҵниа – аибашьра зегьы дахысит. Изныкымкәа дхәын. Аснаипер, агранат аршәга ала ахысҩы , арота акомандаҟаҵаҩ, Мрагыларатәи афронт ахәбатәи абаталион ахԥатәи аполк аштаб аиҳабы.
Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаԥысит аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра 32 шықәса ахыҵра иазку аныҳәа.
Андреи Соловиов дшьын 1993 шықәса цәыббра 27 рзы, ақырҭуа снаипер инапала.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны иҟоу Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан.
«Аиааира Амш азгәаҭара аламҭалазы, иаҳҭахын аӡәк еиԥш ҳаидгылан ҳтәыла арԥшӡара ҳҽазаҳшәарц. Ҳәарада, ас аусеицура акыр аҵанакуеит. Ари хҭыс хәыҷызаргьы, зегьы иҳанаҭеит алшара ҳхатә лагала аҟаҵара. Убри азоуп изаԥшьызгаз ари аусмҩаԥгатә», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.