Михаил Корочански иҭыхымҭа «Ахьча игәарҭеи иареи» Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада ҳамҭас иарҭеит.

Маргарита Глеб-иԥҳа Ладариа (1925-2017) – иналукааша аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик, аурыс, афранцуз, аԥсуа литературақәа ирызку инарҭбаау аҭҵаарадырратә усумҭақәа равтор.

Ашықәс ҿыцтәи акциа «Ашанаҵла» аҳәаақәа ирҭагӡаны акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы идыргылеит «агәазыҳәарақәа рыԥсаӡ».

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аекологиа аинститут, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада игрант аиуит, асоциал-культуратә проект «Хаб Алашарбага» аԥсы ахаҵаразы.

Аконференциа адҳәалоуп Афон Ҿыцтәи аҳаԥы туристтә обиектк аҳасабала ахархәара аиуижьҭеит 50-шықәса аҵреи, уи аартҩы, аԥсуа спелеолог Гиви Смыр 80-шықәса ихыҵреи.

Чкок Качубеи Георги-иԥа диит 27.10.1960 ш. Гәдоуҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭан. М.Ԥкьын ихьӡ зху Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ доушьҭымҭоуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me