Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 ш. ахыҵра аиубилеи иазкны имҩаҧысыз агәырҕьаратә еилатәара далахәын, дагьықәгылеит.
Октиабр 14 рзы Аҟәа иазгәаҭан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 ш. ахыҵра аиубилеи. Ҳтәыла аҵараиурҭа хада азы акрызҵазкуа арыцхә ахатә ҭоурых амоуп, имариамыз амҩа ианысит, иалыршауа еихаҳауа аихьӡара ҿыцқәа раарҧшразы агәҭакы бзиақәагьы ыҟоуп. Аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа аҽрылархәразы Аҟәа иаҭааит Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәа, Аахыҵ-Уаҧстәыла уҳәа рҟнытә, иара убас Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, аӡәырҩгьы адныҳәаларақәа аарышьҭит.

Адныҳәаларақәа

20 Жьҭаара 2022 12:17
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректори аколлективи аҵараиурҭа 90 шықәса ахыҵра аиубилеи рыдиныҳәалеит.

Аҧсны Ахада Иусҧҟақәа

20 Жьҭаара 2022 12:16
2022 ш. жьҭаарамза 14, Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы зҵаиҩыз Аусҧҟа инақәыршәаны «Азакәанреи азинеиҿкаареи рырҕәҕәареи, атәылауааи аиҿкаарақәеи рзакәантә интерессқәа рыхьчареи, зыҩаӡара ҳараку азанааҭдырреи рзы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аиурист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп Хоџьашвили Лиудмила Платон-иҧҳа.
2022 ш. октиабр 14, Аҧсныпресс. Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҽалархәразы иааз аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Олег Смолини реиҧылара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me