Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара ҭагалантәи изаамҭанытәу аилатәара. Аилатәара аартын Аҧсны агимн арҳәарала. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан жәиҧшь зҵаара. Урҭ рахьынтә ҩ-зҵаарак ииаган иааиуа егьырҭ аилатәарақәа рышҟа, иҵегьы аус адуларазы. Жәлар Реизара адепутатцәа аусура иалагеит акадртә зҵаарақәа рыӡбарала. Маӡалатәи абжьыҭарала Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩцәас ишьақәырҕәҕәоуп Екатерина Адлеиҧҳаи Беслан Берулааи. Иара убас акадртә зҵаарақәа рыӡбараан аконтрольтә палата аудиторс дшьақәырҕәҕәан Инга Чыркба. Уаанӡа…
Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҧсны астатистиказы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара дырҧылеит. Абри аанацҳауеит Аиҳабыра Реилазаара апресс-маҵзура. Аҧсны астатистиказы аҳәынҭеилакы аиҳабы Кама Гогиа октиабр 19 рзы Москва лыҟазаара алҵшәақәа дрылацәажәеит, иара убас Аҧсны астатистиказы аҳәынҭеилаки Урыстәыла аҳәынҭқарратә статистиказы афедералтә маҵзуреи рнапхгарақәа рнапы зҵарҩыз ашәҟәы инақәыршәаны еицымҩаҧыргараны иҟоу аусмҩаҧгатәқәа рплан дазааҭгылеит.
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аиформациатә агентра «Спутник Абхазия» аҟны ахҳәаа азыҟаиҵеит В. Зеленски Ҟрым аӡбахә дахьалацәажәоз Аҧснгьы ахьигәалаиршәаз иазкны. «Владимир Зеленски, украинатәи амчрақәа Ҟрым архынҳәразы, дара ртәала, ирымоу агәҭакы иазкны игәаанагара ахьиҳәоз Аҧснгьы игәалаиршәеит. Украина Апрезидент даҽазныкгьы аҭоурых ҽеила ишизымдыруа ааирҧшит, насгьы иаартны апровокациа ҟаиҵоит», иҳәеит И. Арӡынба.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зыҧсҭазаара ҿахҵәаз аурыс поет, ажурналист Александр Бардодым есышықәса Афон Ҿыц анышә дахьамадоу игылоу ибаҟа иаҭаауеит ашколхәыҷқәа, ашәҟәыҩҩцәа, иҩызцәа, инышәынҭраҿы ашәҭқәа ықәырҵоит. Сынтәагьы, Аиааира – 29 шықәса ахыҵра аныҳәа азгәаҭараан еиҧш, уи даниз амш октиабр жәаф рзы ибаҟа иаҭааит, хатәгәаҧхарала Аҧсны ахьчара иааз апоет дыргәаладыршәеит.

Ахылаҧшра агмыжьразы

28 Жьҭаара 2022 14:28
Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа атәылауаа аррамаҵзура ашҟа ааҧхьара рыҭареи аруаа ҧхьатәара рышьҭреи иазку аусмҩагатәқәа ишахәҭоу ала рымҩаҧгара ахылаҧшра аҭаразы анапынҵақәа рыҭоуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me