Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра иалоу дыдирдырит иара Иусԥҟала ноиабр 1 азы Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаиҵаз Џьансыхә Едуард-иԥа Нанба.
«Иацы аусԥҟақәа ҩба снапы рыҵазҩит – иара ихатәгәаԥхарала Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Беслан Џьопуа ихы иақәиҭтәразы. Ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ақыҭанхамҩа аминистрк иаҳасабала ҳкомандаҿы шәахьаанхаз азы. Иацы снапы аҵазҩит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс Џьансыхә Нанба иҟаҵаразы. Ари ауаҩ шәара ибзианы дышәдыруеит. Сгәыӷуеит абарҭ акадртә еиҭакрақәа Аиҳабыраҿы аусура иацхраап ҳәа, убри инаваргыланы ҳара ҳҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рҭыԥ рықәҵарагьы», – иҳәеит Бжьаниа.
Беслан Џьопуа Џьансыхә Нанба ақәҿиарақәеи лҵшәабзиала аусуреи изеиӷьаишьеит.
Иара иганахьала, Џьансыхә Нанба атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит изыҟарҵаз агәрагаразы.
«Сара зегь рыла сҽазысшәоит Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб инапхгарала Аминистрцәа Реилазаара аусура иҵегьы алҵшәа аиурц азы. Уи иадысҵоит сымч, сдырра, сылшарақәа», – иҳәеит иара.