Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иуаажәлар Гагра араион ахақәиҭтәра ҩеижәижәаба шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын. Ашәҭқәа рышьҭаҵараан иҟан иара убас Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра реилазаара иалоу, Гагра араион анапхгара, атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, аибашьра аветеранцәеи хатәгәаҧхарала иааны…
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Рашид Нургалиев имшира идиныҳәалеит. Абри аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Жьҭаарамза жәба-жәаба рзы иааҟәымӡӡакәан илеиуаз ақәа аӡиасқәа рыҩаӡара шьҭнахит. Амшцәгьа бааҧсы иахҟьаны Очамчыра араион аҿы аӡхыҵрақәа ҟалеит. Уи араион ақыҭақәа жәпакы рынхацәа аҧхасҭа ҕәҕәа рнаҭеит. Аӡҩыбжьа, Кындыҕ, Маркәыла, Ҭхьына, Џьгьарда, Очамчыра ақалақь рҿы аӡхыҵра амҩадуқәа ҵнаӡәӡәааит, аҩнқәа ирыҩналеит.
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнак, акыр шықәса раахыс зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны инхо Рыдуан Агрба диит, дааӡеит Инегиоль араион иаҵанакуа аҧсуа қыҭа Мезиҭ. Уи иқәлацәа реиҧш, ихьааигеит Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны иақәлеит, аибашьра ҵысит ҳәа аниаҳа. 1992 ш. август 25 рзы Аҧсадгьыл ахьчаразы Ҭырқәтәылантә хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааз 33-ҩык еидызкылоз раҧхьатәи агәыҧ дрылан Рыдуан. Аҧхьа Шәача иааит, уантә аидарамҩангага аҕбала Гәдоуҭанӡа иааӡеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me