Октиабр 30 рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан имҩаҧысит традициала ишьақәгылахьоу аҽаҩра аныҳәа "Лыхнашҭа". Жәлар рныҳәа иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра Реилазаара иалоу, ауаажәларра.
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Новак Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи аус рыцуразы аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩыс дҟаҵоуп, Аиҳабыра Рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Марат Хуснуллин ихаҭыҧан.
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба дырҧылеит Беларуси Урыстәылеи Рпарламентбжьаратә Еизара аделегациа. Уи напхгара аиҭоит аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы аилак ахантәаҩы Артиом Туров.
Октиабр 30 рзы Аҧсны иазгәарҭеит харада ахара рыдҵаны идырӡыз Рымш. Ари аҽны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарахь инеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Ахада иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, ихаҭыҧуаа Кристина Озган, Владимир Делба, харада ахара рыдҵаны идырӡыз рҭынхацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламентбжьаратә Еизара аделегациа. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит азакәанҧҵаратәи мамзаргьы аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә структурақәеи еиуеиҧшым рыҩаӡарақәа рҟны акырӡа шаҵанакуа аизыҟазаашьақәа рырҿиара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me