В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аҧша Аҳәынҭқарратә музеи аҟны ааигәа Аҧсны Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр астол гьежь мҩаҧнагеит, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз аахыс ҷҭ шықәса аҵра иазкны. Аиҧылара анапхгаҩы – астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба иажәаҿы иазгәеиҭеит аиааира шзалымшоз ажәлар зегьы реидгылара ада, Владислав Арӡынба ахара дхәыцны, агәаҕьра аарҧшны имҩаҧигоз анапхгара ада, аҧсуа еибашьцәа рхамеигӡареи рхымшаҭареи рыда.

Астол гьежь рхы аладырхәит Леонид  Лакербаиа, Сергеи Шамба, Михаил Шургалин, Сократ Џьынџьал, Наҭелла Акаба, Геннади Аламиа, Вагаршак Косиан, Олег Аршба, Гәырам Гәымба, Руслан Ҳашыг.

 

Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ҳҭоурых адаҟьақәа рҟны иҷыдоу аҭыҧ аннакылоит. Зхәышҭаарақәа ныжьны зыҧсадгьыл аҿаҧхьа зуалҧшьақәа назыгӡоз асолдатцәа рахьтә анцәа имчала зыҧсы ҭаны ихынҳәқәаз рацәоуп, аха иҟоуп зымаха-зышьаха еибгамкәа иааз, убас хабарда ибжьаӡыз, ишьыз. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Дәрыҧшьтәи аибашьҩы Уаҳаид Чуаз иҩныҟа дхынҳәит, аха араҟа изыҧшын аибашьра иахылҿиааз ажәабжь хьанҭақәа.

Ҳашәхымсгьы – ҳара иаҳтәуп

Ацқьара – зегьы ирыцкуп

Жәытә-натә аахыс, аҧсуа жәлар ртрадициа иалан рыҩны аҩнуҵҟа еилдыргаанӡа, шарҧазы ишыҩагылалак еиҧш, анаҧшҩы иибаша, амҩасҩы илаҧш зықәшәаша ашҭа, уи анҭыҵ, аҩны ааҵра аҧссара, арыцқьара…

 

С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧысыз акомпозитор, адирижер, Аҧсны жәлар рартист Нодар Ҷанба иаҧҵамҭа «Аҧсуа реквием» нанагӡеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла.

 

Август 4 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дырҧылеит Аҟәа ақалақь актив. Уи иалахәын атәыла Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара адепутатцәа.

Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба 2022 шықәса актәи ашықәсбжазтәи русуразы аҳасабрба ҟаиҵеит. Абас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа Аҧсны араионқәа зегьы рҟны имҩаҧысхьеит, Гал араион аалхны.

Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы

Ашәахьа, август 8 азы Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы иргәаладыршәеит 2008 шықәса август азы Қырҭтәыла иҟанаҵаз ақәылара аан иҭахаз. Убарҭ ахҭысқәа игәаларшәауа, Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев ҷыдала иаҵишьит хьыӡҳәала Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны Аахыҵ-Уаҧстәыла ажәлар ишрылшаз ақәылаҩ ҕәҕәала иҿагылара, иҧхьацара. «Традицианы иҟалахьеит, есышықәса август 8 азы ацҳаражәҳәарҭаҿ ҳаизоит, Аахыҵ-Уаҧстәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы рықәызҵаз ҳгәалаҳаршәаларц азы. 14 шықәса ҵит, 2008 шықәса август 8 ауха Михаил Саакашвили инапхгарала Қырҭтәыла афашисттә режим анҳақәлаз аахыс», – иҳәеит Боциев.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me