Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ааигәа даҭааит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада. Уи дицын араион ахадара анапхгаҩы Баграт Боџьгәуа. Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура излаанацҳауала, Бжьаниа иарҳәеит амедицинатә усҳәарҭа иахьаҵанакуа иҟоу апроблемақәа ртәы, ахәҭакахьала аӡышьҭрақәа, аӡымҩангагақәа шхаз.
Ишдыру аиҧш, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хада ҟалеит аҳәынҭқарраҿы аковидтә госпиталь хаданы, иаднакылеит зықьҩыла ачымазцәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада араион азы акырӡӡа зҵазкуа стратегиатә обиектуп ҳәа азиҳәеит, иақәиргәыҕит ҳазну ашықәс сентиабр азынӡа апроблемақәа рҭыҧ рықәҵара аганахьала ацхыраара шыҟаиҵауа.