Дыҟамзар ҟалап, ҳаҳҭны-қалақь Аҟәа иаҭааз сасык абри Анцәа иҭыҧ ҳбаҳча ссир – аботаникатә баҳча зымбакәа ицахьоу.
Уи ашҭа ушьапы шынҭаургылалакь аҧсабара аҧшӡара, иуҿаччо аҵиаақәа урыманы рҿынархоит.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ҳажәлар ирыдиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵара жәларбжьаратәи Амш
Аҧсны аҳәынҭқарра азхаҵаразы
Д.МЕДВЕДЕВ, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент
2008 ш. август 26
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ааигәа даҭааит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада. Уи дицын араион ахадара анапхгаҩы Баграт Боџьгәуа. Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура излаанацҳауала, Бжьаниа иарҳәеит амедицинатә усҳәарҭа иахьаҵанакуа иҟоу апроблемақәа ртәы, ахәҭакахьала аӡышьҭрақәа, аӡымҩангагақәа шхаз.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ауадақәа рцаҧха лнапы иаиркит Аҧсны Афырхаҵа Владимир (Гена) Карданов иҧшәма Асиаҭ Карданова. Гагра агәаны, Абазгаа рымҩаҿы ҩ-ҿык змоу ауада рзалхын Гагра араион Ахадара ацхыраарала хатәгәаҧхарала аибашьҩы иҭаацәа.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа асабша ашьжьымҭан Очамчыра араион Тамшьтәи абжьаратә школ иеиҭеит автобус, – иаанацҳауеит аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. Иара ихаҭа абри ашкол далгеит. Уаҟа рҵаҩцәас аус руан иара иани иаби.