Ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа аибашьра иалҵыз ашәақәа шьыжьнаҵы иалыҩуан. Аконфедерациа аштаб ахьыҟаз ашәҭқәа ргәыдкыланы ажәлар неиуан. Нанҳәамза 15, 1992 шықәсазы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра аҩбатәи амш азы акәын. Усҟан Ҧсоу аҳәаа 18-ҩык зхатәгәаҧхарала цхырара иаауаз Сулҭан Сосналиев дрыҧгыланы иааит. Уи амш аҭоурых аҿы арыцхә хадақәа ируакны иаанхоит. Аҧсны аҧсреи абзареи ианрыбжьагыла, бџьаршьҭыхла ахьчара анаҭахха иарҕьажәҩаны иааҳавагылеит зхатәгәаҧхарала аибашьра иааз жәҩахыр ҕәҕәала иааҳавагылаз егьырҭ амилаҭқәагьы. Аконфедерациа аштаб хада Гәдоуҭа ишьақәдыргылт.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа хатәгәаҧхарала еибашьуаз Рымш иазкны ааҧхьара ҟаиҵеит. Уаҟа иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа, акыр иаҳзаҧсоу хатәгәаҧхарала аибашьцәа, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит хатәгәаҧхарала еибашьуаз Рымш!
Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз ааҧхьара
Август 11 рзы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетников дидикылеит.
Аҧсны Ахада бзиала шәаабеит, Максим Геннади-иҧа Аҧсны ҳәа иаҳәо, иирдырит акыр ишазыҧшыз иаара. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит ишидыруа аамҭа кьаҿк иалагӡаны аминистр еиуеиҧшым Аҧсны аобиектқәа дшырҭаахьоу. Уи атәы инарҭбааны анаҩс дара шалацәажәо.
Август 11 азы Аҧсныҟа дааит Урыстәыла аекономикатә рҿиара аминистр Мақсим Решетников. Аҧсуа-аурыс ҳәааҿы уи диҧылеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Максим Решетников аҧхьа дызхәаҧшыз аобиеқтқәа иреиуан апринц Ольденбургски ипарк, Гагра ақалақь аҟны иҟоу аколоннада.
ХХ ашәышықәса анҵәамҭазы, нанҳәамза 14, 1992 ш. Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны иақәлеит аҧсуаа тәыс иҟаҵаны Аҧсынтәыла рымпыҵархаларц, иртәыртәырц. Аҧсуа жәлар ахаан аӡәы иҿаҧхьа ишьамхнышымгылац, баагәаран игылеит ҳаҧсадгьыл ахьчаразы. Уи аамҭа цәгьазы Аҧсны иахагылаз, ажәлар зегьы бзиа еицырбоз, рыгәҭыха зыгәҭыхаз, ирҿахәҳәаҩыз Владислав Григори-иҧа Арӡынба гәкаҳарак ажәлар идимырбеит. Уи ихшыҩ дуи, идырра ҵаулеи, иҧсадгьыл ахь имаз абзиабареи, ҳаибашьцәа ракзаареи Аиааира ҳдыргеит.