Аҧсны Ахада апресс-конференциа иалахәыз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит дшазхиоу ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара. Аҧхьатәи азҵаара азкын иаҳхысыз амзазы Аҧсны Ахада еиуеиҧшым араионқәа рҟны имҩаҧигаз аиҧыларақәа хықәкыс ирымаз. Аслан Бжьаниа дазааҭгылеит фымз шыҵхьоу ашықәс ҳҭоижьҭеи, уи аамҭа иалагӡаны Аҧсны араионқәа рҟны инагӡоу аусқәа еиликаарц, аихьӡарақәа ыҟазар ирылацәажәарц шиҭахыз. Иара иазгәеиҭеит иӡбам апроблемақәа шырацәоу, убарҭ аҧхьаҟа рыӡбаразы иҟаҵатәу ишалацәажәоз. Ас еиҧш иҟоу аизарақәа хәарҭара рылоуп, избанзар араион ахада идагьы ауаажәларра аҭагылазаашьа рымоуп ргәы иҵхо апроблемақәа цәырганы аҳәара. Аҧсны Ахада иазгәеиҭеит иара изы ишхадоу ауаа рацәажәара, ргәаанагара идкылара, рҭак аҟаҵара. Иара иҳәеит ус еиҧш иҟоу аиҧыларақәа шықәсык ахьтә ҩынтә ишымҩаҧигало, ашықәс азбжази уи анҵәамҭази.
Ахәылҧаз, август 3 азы Аҟәа агәаны, Аидгылара амҩаҿы иҟоу абаҳчеибаркыраҿы гәырҕьарала иаартын Аҧсны иналукааша апартиатә, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы Валериан Осман-иҧа Кобахиа (15.05.1929 – 28.08.19929 ибаҟа. Уи аартра иалахәын Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аҟәа Ахадара аиҳабы Беслан Ешба, Кобахиа иҭаацәара ахаҭарнакцәа.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Амиран Адлеиба ихиҵеит «Аҧсны Аҳәынҭқарра жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Аҿыханҵаратә ҟазара ашьақәгылареи арҿиареи рҟны илагаламҭа ду азы, изанааҭтә ҟазара ҳаракы азы Адлеиба Амиран Сардион-иҧа ихҵазааит аҳаҭыртә хьӡы «Аҧсны Аҳәынҭқарра жәлар рсахьаҭыхҩы», – иазгәаҭоуп август 5 азы Аҧсны Ахада инапы зҵеиҩыз Аусҧҟаҿы.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара Аҳәамҭа
Ишдыру еиҧш, аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәашьеи рзы иқәгылоу азҵаатәы аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳауаажәларраҿы еиуеиҧшым агәаанагарақәеи ацәажәарақәеи цәырнагеит. Иҟоуп иақәшашҳаҭу, Урыстәылеи ҳареи ҳаидгылара, ҳаиҩызара иахәо акәны изыҧхьаӡо. Аха иҟоуп уи иақәшаҳаҭым, Аҧсны Азакәан хада – Аконституциа еиланагоит ҳәа иахәаҧшуа.
Нестор Лакоба Иҭоурых-мемориалтә музеи аҟны аиҭашьақәыргыларақәа ирылагеит. Аминистрцәа Реилазаара адҵала Нестор Лакоба Иҩны-музеи аҟны арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы Аиҳабыра ррезервтә фонд аҟнытә иоушьҭуп 12 829 658 мааҭ.
Аҧсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба дылҧылеит Ростуризм ахада ихаҭыҧуаҩ Елена Лысенкова. Хышбеи Лысенковаи рылацәажәеит Аҧсны атуризм арҿиара амҩақәа. Ростуризм ахада ихаҭыҧуаҩ иазгәалҭеит, Аҧсны атуристтә лшарамчқәа шамоу, хыҧхьаӡара рацәала ҳтәылахь рхы шдырхауа. «Аҧсны алшарақәа зегь амоуп атуристцәа рхыҧхьаӡара акырӡа ашьҭыхразы», – лҳәеит лара.