Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа усуратә визитла Беларус даҭааит жәабранмза 20, ашәахьа. Аҩаша, жәабранмза 21 рзы Минск ақалақь, Ахьыԥшымра Ахан аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Беларусиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит. Иара убас, аиԥылара далахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Аҧсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа имшира аҽны – февраль 21 рзы Аҟәа ақалақь аҟны инышә дахьамадоу игылоу ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан.
Аестрадатә шәаҳәаҩы, Аҧсны жәлар рартист, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Лиудмила Гәымба ахәаҧшцәа дырдыруеижьҭеи шьарда ҵуеит. Мшаҽнеиҧш, ишьҭылкааз аҟазара абзиабара лыцуп.
Адәыӷбааҭгыларҭа «Аӡҩыбжьа» аҿы аихамҩа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа хыркәшахеит.
Аԥсныпресс. Каир ихыркәшахеит «Арабтәи Ареспублика Египет Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа Амшқәа». Иарбаз аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит VI Евразиатәи алитературатә фестиваль «ЛиФФт-2023». Афестиваль «ЛиФФт» адунеи аҿы аԥсҭазаара аиқәырхара ахьӡала акультуреи апатуеиқәҵареи аҭынчрабзиабареи, амилаҭрацәа реимабзиареи, аилибакаареи иазку амодель ҿыц аԥҵара иадгыло ашәҟәыҩҩцәеи аԥхьаҩцәеи рдиалог ашьақәгылареи адунеи алитераторцәа рырҿиаратә усеицуреи рзы иаарту ҭыԥны иҟоуп.
Атематикатә литературатә конкурс рхы аладырхәит 52 тәыла – Евразиа, Африка, Лаҭынтәи Америка, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Израиль, Австралиа рҟынтәи авторцәа. Жәаа делегациа рлитераторцәа Каир иҟан.
«Гәахәара дула иазгәасҭарц сҭахуп зыхьӡ нагоу алитературатә усмҩаԥгатәқәа ишрылахәхаз аԥсуа шәҟәыҩҩцәагьы. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иарбоу аусмҩаԥгатә аҿы ицәыргахеит Енвер Ажьиба, Вахтанг Аԥҳазоу, Владимир Делба, Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлаа, Даур Наҷҟьебиа», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит афорум хаҭала зхы алазырхәыз, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩ Владимир Делба. Афестивальтә усмҩаԥгатәқәа рыхәҭак Жәларбжьаратәи каиртәи ашәҟәытә иармарка астендқәа рҿы имҩаԥысуан. Араҟа ицәыргақәҵахеит Аԥснытәи авторцәа рышәҟәқәагьы. Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа астенд аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра асимволика ашьақәыргылара азин ҟарҵеит. Аԥснытәи алитераторцәа активла афестивальқәа «ЛиФФт» рылахәхара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәаҭан Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа анапхгараҭара ахаҭарнакцәа рықәгыларақәа рҿы, ахәҭакахьала, афестиваль адиректор – Маргарита Аль лықәгылараҿы. Аусмҩаԥгатә аихшьаалақәа рыла, Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа зегьы алахәылацәа рсертификатқәа роуеит, урҭ рахьынтә хҩык – Владимир Занҭариа, Владимир Делба, Даур Наҷҟьебиа «Евразиатәи алитературатә ҵакыра аҿы жәларбжьаратәи аимадара аҿиараҿы рлагала ду азы» Евразиатәи ажәларқәа Рассамблеиа амаӡаныҟәгаҩ Хада – Андреи Белианинов инапы зҵаиҩыз аџьшьаратә шәҟәқәа ранашьахеит. «Угәы иамыхәар алшом аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥснытәи алитераторцәа злахәу жәларбжьаратәи алитературатә усмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡареи рыҩаӡареи иахьацло.
Иналукааша алингвист, кавказдырҩы, Лондонтәи ауниверситет апрофессор Џьорџь Хьиуитт И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иеиҭеит зеиуа маҷу ҩ-томкны иҟоу, англыз бызшәала иҩу Дуглас Фрешфилд ишәҟәы «Кавказ аҭҵаара».