Жәабран 27, 1919 шықәса рзы иҭыҵит аҧсышәала ицәажәаз раҧхьаӡатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны». Уи ашьаҭаркҩыс дыҟан Дырмит Гәлиа. Убри инамаданы ари амш Аҧсны амассатә информациатә хархәагақәа ирымш ныҳәаны ишьоуп. Абри амш ныҳәа аламҭалаз Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла имҩаҧнагеит 2022 шықәсазы ажурналистцәа ирылаҳәаз аконкурс аихшьалақәа рылаҳәара. Аконкурс азкын Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу, зыӡбахә зынӡаск ирымҳәац аибашьцәа, мамзаргьы аибашьратә хҭысқәа.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа изаамҭанытәу арратә хьӡқәа рыхҵаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы, аполковник Киут Роберт Витали-иԥа ихҵоуп «аинрал-маиор» ҳәа изаамҭанытәу арратә хьӡы.
«Ари абилеҭ ганкы мацара узгоз акәын» – далагоит Аҧсныҟа иаара иазку ажәабжь аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Альҧер Бганба. Аҧсны иадҳәалоу уи иҭоурых алагеит нанҳәамза 14,1992 ш.рзы. Альҧер Аҧсны аӡбахә бзианы идыруан, аҩны иҭаацәа еснагь ирҿакыз, лассы-лассы зыӡбахә рҳәоз акәын.
Февраль 28 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа Реилазаареи Аԥсны Жәлар Реизареи рнапхгара алархәны, есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит, – иаанацҳауеит Аԥсны Ахада исаит.
Аилацәажәара аартуа, атәыла Ахада иҟаз иреиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа иусуратә ныҟәареи Ареспублика Беларус ахь инеиреи рылҵшәақәа ртәы. Раԥхьаӡа иргыланы, Аслан Бжьаниа дрылацәажәеит Минск иҟазаара алҵшәақәа, иаҵишьит Беларус еснагь аиҩызаратә политика шымҩаԥнагоз ҳтәыла аганахьала. Ахәҭакахьала, Беларус адымгылаӡеит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи аибашьра ашьҭахь ИАР атәылақәа рганахьала Аԥсны амацәаз аҭакра.
Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала аколлектив агазеҭ «Аԥсны» аусзуҩцәа ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымш!
Акыр иаԥсоу, ҳаҭыр зқәу аҳәса! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Жәларбжьаратәи Шәымш – Март 8! Ааԥын иацны иааиуеит шәныҳәа, ԥшӡарала, хаарала, гәыкрала еибарку. Аԥҳәыс аҭаацәара еихазҳауа, ҳхәышҭаарақәа змырӡуа раԥхьа дгылоуп, лара илыҵоуп аԥхарра, аманшәалара, аизыӡырҩра. Еиҭаҳҳәоит, еиқәшәырхоит ҳхәышҭаарақәа, иагьышәыхьчоит. Аҳәса убоит ҳаԥсҭазаара аҵкарқәа зегьы рҿы, еиуеиԥшым аусқәа қәҿиарала шәнапы рылакуп.