Урыстәылатәи Афедерациа хықәкыс иамоуп Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рҟны аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырҿиалара, лҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова, Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа ирызкны ажурналистцәа рызҵаара аҭакс.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымба лиубилеи лыдиныҳәалеит.
Мышқәак раҧхьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаҧигеит абизнес знапы алаку ҳџьынџьуаа рҧылара. Аиҧылара алагамҭаз иалахәыз зегьы минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз.
Аҧхьаҩцәа аҳамҭа бзиа роуит. Ааигәа Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит алитература абзиабаҩцәа ззыҧшыз аклассик Қьаазым Агәмаа иҩымҭақәа реизга «Иалкаау».
Абаҩхатәра злаз апоет, апрозаик Қьаазым Агәмаа ихьӡ ҩашьара ақәымкәа иаанхеит аҧсуа сахьаркыратә литература аҿиара аҭоурых аҟны.
Жәабранмза 1 азы Аԥсны Жәлар рартист, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, акомпозитор, аетнограф, Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш (01.02. 1938 – 28.01.2021) иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 85 шықәса.
Афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аԥкрақәа рзы аграфик ҿыц алагалара инамаданы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионтәи ақалақьтәи ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа дрыҿцәажәеит.