Алақәа иреихсны рышьра

24 Хәажәкыр 2023 07:34

Аԥсныпресс. Гагра ақалақь азинхьчаратә усбарҭақәа ақалақь аҿы алақәа иреихсны рышьра иалахәыз ауаа реилкаара иаҿуп. «Ҳара ҳхаҭа даара ҳаршанхеит иҟалаз ахҭыс. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари агәымбылџьбаратә хҭыс иалахәыз ауаа реилкааразы аусура мҩаԥыргоит. Иҟоу адыррақәа рыла, уи џьоукы хазхаҭала иаԥшьыргаз, анаҩс еиҿыркааз усуп. Ҳара иԥшәымадоу алақәа рпроблема аӡбаразы ас еиԥш аметод зынӡа ҳадгылаӡом», – ҳәа Апсныпресс акорреспондент иацы иҟалаз ахҭыс азы иҟаиҵаз азҵаара  аҭак ҟаҵо, иҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.

Хәажәкырамза 20 азы атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азакәанԥҵара аиԥшхара ашьаҭала азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара Апрограммала иазԥхьагәаҭоу азҵаарақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахылаԥшырҭақәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны иааз Аахыҵ-Кавказ азҵаарақәа рзы Европатәи Аидгыла Ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар напхгара ззиуаз Европатәи адипломатцәа рделегациа идикылеит. Аиԥылара иалахәыз Аахыҵ-Кавказ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала, аиҿцәажәараан арегион аҟны ашәарҭадара иадҳәалоу атемазы ргәаанагарақәа еимырдеит.

Аԥсны Ахада дидикылеит

24 Хәажәкыр 2023 07:30

Хәажәкырамза 20 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭ­қарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит. Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә усеицураҿы жәларбжьаратәи амшхәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа. Аиԥылара далахәын Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Мақсим Литвинов.

Амширақәа

24 Хәажәкыр 2023 07:28

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа Имшира идиныҳәалеит.

Афырхацәа ргәалашәара

24 Хәажәкыр 2023 07:26

Абарҭ амшқәа рзы Аԥсны иахьабалак иазгәарҭеит марттәи ажәылара 30 шықәса ахыҵра.

1993 шықәса март 15 азы ҳархәҭақәа Гәымсҭа аӡиас ирны, Аҟәа азааигәара аҵакы змаз ахәы ҳаракырақәа ааныркылеит. Амотохысратә ҟәшақәа Гәымсҭа аӡиас ахәҭақәак ирырыр акәын, аӷа аԥхьатәи ихырӷәӷәарҭақәа шьҭыхны, Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иацырҵарц. Аха март 16 азы излагаз ажәылара ақәҿиара амоуит. Ишьаарҵәыраз аидысларақәа рышьҭахь, март 17-18 рзы ҳархәҭақәа хьамҵыр ада ԥсыхәа ҟамлеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me