Аԥсны 2025 шықәсазтәи ашьапылампылтә сезон аатит март 20 рзы Аҟәа, астадион «Динамо» аҟны, иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны иачемпионхаз Аҟәатәи «Нарҭ»-и, атәыла Ахраҿа хада занашьаз Очамчыратәи «Ерцахә» ахәмарцәеи реиԥыларала.
Ақалақь Росток абжьаратә бизнес Аекономикатә еидгыла ахантәаҩы Ҳельмут Шмидт инаԥхьарала Германиа Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусқәа знапы иану Вольфганг Матцке раԥхьаӡа акәны ҳреспублика ӡыригеит Германиа абизнс-хеидкыла дуқәа руак аҟны, – иаанацҳауеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата апресс-маҵзура.
Адиспансеризациа инақәыршәаны Урыстәылатәи аҳақьымцәа ашколқәра иаҵанамкуа ахәыҷқәа ргәаҭара иалагеит.
«Сара сашәа, сара сажәа» – абас ахьӡуп аԥсуа композитор ду Ражден Гәымба аԥхьаҩцәа ирзынижьыз иавтобиографиатә ҭынха ду – ашәҟәы Уи аԥхьаҩ изаанартуеит акомпозитор, ашәаҳәаҩ ду иԥсҭазаареи, иара иаамҭаз ҳажәлар ираԥхьагылаз аҵеицәа иашақәа рхаҿсахьақәеи.
Ахә зшьо рзы: льготала акредит аҭара апрограмма ала Аԥсны раԥхьаӡакәны аусура иалагоит аҟазаратә сасааирҭа.
Хәажәкырамза 14 инаркны 20-нӡа Подмосковие имҩаԥысуан "Акинолабораториа" афорум актәи ахәҭа.