К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҟны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала иазгәаҭан апоезиа Адунеизегьтәи амш.
Ааигәа Аҟәа иаатит ажәабатәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Липецктәи Аԥснытәи асахьаҭыхҩцәа қәыԥшцәа алархәны.
Ааигәа Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысит изаамҭанытәыз аилатәара. Амшхәаԥштә аҿы иқәгылаз быжь-зҵаараки ацхыраагӡақәа ҩбеи рыдыркылеит.
Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр Сергеи Кравцов диԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа.
Аҟәа иӡырыргеит ауаажәларратә еиҿкаара ҿыц – Аԥсны амчратә усҳәарҭақәа Рассоциациа. Уи ахантәаҩы – Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Баҭал Агрба.
Очамчыра араион Ӷәада ақыҭан Қь.Ҟ. Агәмаа ихьӡ зху абжьаратә школ аҟны иаадыртит аспортзал ҿыц. Уи аатраҿы иҟан Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба, ихаҭыԥуаҩыс иалху Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба.