Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит.

Ноиабр 12 азы Ауаажәларратә палата алахәылацәа ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит аҭагылазаашьа арԥсыҽразы дара имҩаԥыргоз аиҿцәажәарақәа ртәы.

Ажәлар рахь

12 Абҵара 2024 10:04

Ареспубликатә мҩаду аԥҵәара иахылҿиааз аҭагылазаашьа инамаданы атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа.

Ԥхьаҟа аҳаракырахь

12 Абҵара 2024 08:24

Ноиабр 7 рзы Аминистрцәа Реилазаара аконференцзал аҟны имҩаԥысит Аԥсны амҵәышәымпыл ҿиоижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкыз агәырӷьаратә еилатәара.

Аспорт Жәларбжьаратәи акласс азҟаза, Асовет Еидгылеи Европеи рчемпион, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II, III аҩаӡарақәа занашьоу  Рашь Хәытаба ихь зху зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Жәларбжьаратәи атурнир «Гран-при»  мҩаԥысит абҵарамза 9-10 рзы Аҟәа.

Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс театр асценаҿ идырбан И.Тургенев иҩымҭа «Отцы и дети»  иалху аспектакль. Ахәаԥшцәа есымша изгым ари атеатр актиорцәа ҟазацәа лассы-лассы узеигәырӷьаша дунеи ҭбаак уаздырхынҳәуеит, ус акәхеит аурыс классика иалху аспектакльгьы шымҩаԥысыз.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me