Аԥсуара ҳзыхьчар – ҳаиқәнархоит

Ҭоурыхла Кындыӷ ақыҭа иашьагәыҭуп Киутаа рабшьҭра.

Ақыҭаҿ ҳаҭыр зқәыз анхаҩы, еснагь зыуаажәлар рыцәгьеи рыбзиеи иалагылаз Ҭамшьыгә Азнаур-иԥа Киут иԥацәа Ӷәакеи Мырзеи ХХ ашәышықәса алагамҭаз Аԥснынӡа иааӡаз ареволиуциа ацәқәырԥа иацыз ахынҭаҩынҭарақәа шьахәла иргәалашәон, аменшевикцәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз аамҭа иахаанын. 1930-тәи ашықәсқәа раан Ӷәака ақыҭсовет ахантәаҩыс аус иухьан. Иашьа Мырза иакәзар, аколнхараҿы агрономс дыҟан, анхамҩа аусқәа реиҿкаара, ачаи аҵиаақәа реиҭаҳара, аус рыдулара уҳәа рҟны иџьабаа маҷмызт.
Маҷк шьҭахьҟа ҳаиасуазар, Ҭамшьыгә Киут иԥацәа аныҩеидас, рхатә ҭаацәарақәа аԥырҵеит. Аԥсуа традициақәа иахьрықәныҟәоз аҩнаҭаҿы, аԥшәма иҭаххеит ихшара аҩыџьагьы еицырзеиԥшу ашҭаҿ анхарҭа ҿыцқәа дыргыларц. Ус егьныҟәеит. Ашҭа ҭбааҭыцә иҭагылаз ахьа-кәасқьа еиқәырханы, аишьцәа наҟ-ааҟ ҩбаны еихагылаз аҩнқәа авадыргылеит. Дасу рҭаацәарақәа рыла игәырӷьартә иҟан.
Мырза Киут иҩнаҭаҿы хҩык ахшара иит. Зыԥсҭазаара иалҵхьоу Зорик зегьы дреиҳабын (Очамчыра дынхон, дҭаацәаран). Раҳәшьазаҵә Римма лдунеи лыԥсаххьеит. Шоҭа зегьы дреиҵбуп.
1946 ш. декабр 5 рзы ииз Шоҭа Киут 1960-тәи ашықәсқәа раан 8-шықәсатәи ақыҭа школ даналга, Аҟәа абжьаратә ҵара хиркәшеит. Иаарласынгьы аррамаҵура ашҟа иԥхьеит. Арратә уалԥшьа наигӡон Германиа, Магденбург ақалақь иахьаҵанакуаз. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Виачеслав Арӡынбеи иареи арра еицырхыргон, убри аахыс реиҩызара дырӡуам. Иуалԥшьа нагӡаны Аԥсныҟа дхынҳәит аџьшьарақәа маҷымкәа иманы.
Иван Гамсараҭ-иԥа Амҷба жәлар рдепутатцәа Аҟәатәи рықалақьтә Совет анагӡком анапхгаҩыс даныҟаз аамҭазы акәын. Шоҭа аусура дрыдыркылеит Аҟәатәи ақалақьтә арԥхарҭатә контора аҟны. Уи нахыс ақалақь ԥсҭазаара далахәын. Аус зциуаз дырнаалон, аԥсуаҵас иааӡаз аҷкәын иеиҳабацәа иҟазшьа, ихымҩаԥгашьа ргәаԥхон.

Аамҭа ццакуан, аҿара ашықәсқәа раан узыхьӡаз ауп уасхырны иҟало. Ари шьахәла еиликаауан Шоҭа. Иразҟы ишалаз аиԥш, дҭаацәарахеит. Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭа иалиааз Ира Ҷиҷико-иԥҳа Бебиаԥҳа динасыԥхеит. Ишнеи-шнеиуаз Аҟәа рхатә нхарҭагь роуит. Ҩыџьа аҭыԥҳацәа рыхшеит (иахьа Манана Сангәлиаа дырҭацоуп, Маиа лакәзар– Зыхәаа). Изызҳауа рмаҭацәа ргәы рыладууп.
Шоҭа данхәыҷыз инаркны ишьҭикааз аԥсуара даара пату изақәын, бзиа ибон, иагьныҟәигон. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аԥсны имҩаԥысуаз ҳажәлар рықәгыларақәа, реизарақәа дрылахәымкәа ҟаломызт. Ижәлари иԥсадгьыли рлахьынҵа згәы иҵхоз дреиуан, зегьы изеиԥшны дрыхәаԥшуамызт. Зехьынџьара дубон, зегьы дрылахәзар акәын. Ижәлар рԥеиԥш дазымхәыцкәа ҟалашьа амамызт. Убри аҟнытә, еснагь иҩызцәа-иқәлацәа дрылагылан. Аԥсуара ныҟәызгоз диҩызан, диашьан. Ибзианы игәалашәоит 1967 ш. аԥсуа жәлар рмилаҭ зинқәа рыхьчаразы Аҟәа, ашҭа хадаҿы имҩаԥысыз амитинг. 1978 ш., насгьы 1988 ш. ҳажәлар рықәгыларақәа дрылахәын. Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» анеиҿкаахагьы – уи далалеит. Хаҭала, исгәалашәоит есымза абанк аҟны днеины «Аидгылара» азы ихәҭаа аналеигалоз цхыраарак аҳасабала.
Шоҭа Киут иусураҿы иааирԥшуаз аҭа­кԥхықәра еицгәарҭахьан. Аԥсны ахәаахәҭра аминистрс дыҟан Лили Бганба. Аминистрра еиднакылоз автомашынақәа ртранспорттә еидҵара иатәыз – агараж аиҳабра идыргалеит. Идыруан аус аиҿкаара шаҭахыз, еиликаауан иднаҵоз аҭакԥхықәрагьы. Аха Шоҭа ауаа рацәажәашьа, досу изнеишьа иҽақәиршәон. Убри абзоурала аусураҿы аҳәоуеиқәшәара рыман.
Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарра-зинтә еизыҟазаашьақәа рҟны иҟаз аибарххарақәа ҳажәлар гәыҵхас ирыман, аидысларақәа рахь икылнагар ауан, агәҽанызаара аҭахын. Қырҭтәыла есааира Аԥсны аганахь иаанарԥшуаз ақәыӷәӷәарақәа ҳажәлар агәҭынчымра рызцәырнагон. Абас ишыҟаз ауп Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар абџьари атехникеи рыла рҽеиқәыршәаны Аԥсны ишақәлаз 1992 ш. август 14 рзы. Шоҭа ашәарыцара бзиа ибон, убри аҟнытә аҩны ашәақь бзиа иман, иаразнакгьы иҽааибыҭаны Ацҳа ҟаԥшь ахь дцеит.

Аҟәа ианшәарҭаха, Шоҭа иҭаацәа иманы Гәдоуҭаҟа диасит. Иҩызцәеи иареи арратә комиссариат аҟны инеит. Иаарласны амшын аԥшаҳәа ахьчаҩцәа рахь ирышьҭит. Уаҟагьы ацхыраара аҭахын. Амшын аҿықә ахьчара иаҵанакуаз абаталион акомандирс даман Витали Дармаа. Иахьагьы еиқәырханы иҵәахны имоуп Аԥсны арбџьар мчқәа ркомандаҟаҵаҩыс иҟаз С.Сосналиев инапы зну (31.02.1993 ш.) ахысҩы – амшын аҿықә аҳәаа ахьчаҩ ҳәа изну аршаҳаҭга. Абаталион напынҵас иаман амшын ахьчара.
Шоҭа Киут дахьыҟаз агәыԥ иалаз рнапы ианыз адҵа ишақәнагоу анагӡаразы агәҽанызаара аҭахын, аҭакԥхықәрагьы ацын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгаанӡа – Аиааира амш азынӡа амшынҳәаа ахьчаҩцәа реилазаараҿы дыҟан. Агәыԥ еиҳа иаҭахны иахьырбоз ирышьҭуан адҵа рыҭаны.
Аҟәа ахақәиҭтәра ашьҭахь, Шоҭа иҭаацәа аҳҭны-қалақь ахь иааигеит. Аҟәа агәаны имаз инхарҭа, егьырҭ аԥсуаа аӡәырҩы рынхарҭақәа реиԥш, ирҳәын, иаанхазгьы ухы иаурхәо иҟамызт. Аха гәкаҳарак инымԥшит. Ҳажәлар ацәыӡ дуқәа роузаргьы, Аԥсны иагаз Аиааира дазгәдуун, насыԥ иманы ихы ишьон ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра дахьахаанхаз.
Аиааира ашьҭахьгьы Аԥсны аҭынчра ацәмаҷын. Мрагыларатәи аҳәааҿы, Гал араион иахьаҵанакуа ашәарҭара шыҟац иҟан. Аҭынчра ахьчаразы, азинпориадок ашьақәыргылараҿы амчқәа еизактәын. Шоҭа иакәзар, Олег Папасқьыр игәыԥ аҟны дыҟан. Аҟәатәи ахысратә баталион дшалаз ала аршаҳаҭга №111 еиқәырханы имоуп.
Шоҭа Киут аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны ахәаахәҭра аминистрра дызладҳәалаз ала, ари аусхк еиҳа изааигәан. Убри аҟнытә, Аиааира ашьҭахь ахәаахәҭра аус иҽазикит. Аҳҭны-қалақь агәаны анхамҩатә тауарқәа рыҭирҭа адәқьан деиҳабын аԥсшьарахь диасаанӡа. Аԥсҭазаараҿы Шоҭа ахәаахәҭра мацара дазкымызт. Аханатә еиԥш, иуаажәлар рыцәгьеи рыбзиеи далагылан, иахьагьы убас ауп. Шоҭа идәқьан ахь имҩахыҵуаз ахәаахәҭҩцәа рымацара ракәмызт, иҩызцәа-иқәлацәа реиԥш, уахь инеиуан еиуеиԥшым азанааҭқәа змоу, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа. Минуҭқәак ирыдамзаргьы иҿцәажәара агәахәа рнаҭон. Иаргьы уи даара пату ақәиҵон. Еснагь излацәажәоз ҳажәлар рҭагылазаашьеи Аԥсны аԥеиԥши ракәын. Урҭ рыҩнуҵҟа дубон: аибашьра аветеран, аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы, артист, акомпозитор, асахьаҭыхҩы, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ уҳәа. Иԥсадгьыли ижәлари рахь имоу абзиабара ауп Шоҭа иԥсҭазаараҿы аԥхьа иргыло. Ишырҳәо еиԥш, аԥсуа игәаӷь зызҭоу дыруаӡәкуп.

Уаанӡеиԥш, аамҭак анааиоулак иқыҭа гәакьахь днабжьыслон. Иаб иџьынџь (аиб­ашьраан акыр ааха аиоуит) дахылаԥшуан. Ҩаԥхьа афымцалашара ацәаҳәа неигеит, ихикааит. Иани иаби анышә иахьамадоу, иабшьҭра еиднакыло рахьтә ирыԥхахьоу рызқәаҭыԥ ахьыҟоу гәыгәҭаижьуам. Абжьааԥны, лассы-лассы ихатә машьынала Аҟәа дналс-аалсуа, иҭынхацәеи иҩызцәеи данрыҿцәажәалак аԥсҭазаара ҿыцбарак дахәаԥшуа агәалаҟара бзиа иманы аҩныҟа дхынҳәуан. Аҟәа агәаны имаз ихатә уадақәа ааныжьны, еиҳа еиӷьаишьоз ахатәы ҩны ашҟа диасхьеит. Ауаҩы иқәрахь данынаскьо уи агәаҳәара иауазар акәхап. Шоҭа ииӡбыз дахьымхәӡеит. Амшын иахьазааигәоу иҭыӡҭыԥ уеигәырӷьартә еиҿкаауп, анхаразы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵаны имоуп. Иашҭа агәашә дынҭыҵыргьы, адәахьы днеи-ааиуеит, игәылацәеи иареи еибабоит, ажәытә-аҿатә иалацәажәоит. Игәабзиара маҷк иануашәшәыраха, аԥсҭазаара аҵакы еиҳагьы еиликаауеит. Ҵабыргуп, зегьы рхатәы мҩа ԥынгылада изанысуам, аха рхы иақәгәыӷыртә амч ҷыда рыланаҵоит.
Шоҭа иакәзаргьы, дызнысхьоу амҩа дназхәыцлоит. Ауаҩы ихатә ԥсҭазаараҿы дзыхьӡаз ауп иаанхо. Иахьа Шоҭа иԥшәмаԥҳәыси иареи, рыԥҳацәеи рымаҳәцәеи, урҭ рыхшареи рыла рхы-ргәы иақәгәырӷьартә иҟоуп. Аԥсны ахақәиҭра ҳажәлар инагӡаны аԥхьаҟагьы иалагәырӷьартә аамҭа ҳазшаз ираҭәеишьарц диҳәоит. Аиааира Амш анааигәахо акәзар, еидихәыцло рацәоуп. Аҭынчра рыԥсы ахҭнырҵеит аҵеицәа хьӡырҳәагақәа. Урҭ рыхьӡ акамыршәра рыхәҭоуп еиҵагыло абиԥарақәа. Абас дышхәыцуа, ҩаԥхьа иаацәыригоит ианашьоу «Агәымшәаразы» амедал, иара убас Аиааира 20 шықәса, 25 шықәса, 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҟнытә иаҭәашьоу амедалқәа. Урҭ ирылоуп даҽакгьы – Урыстәыла алиберал-демократиатә партиа дшалоу шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭга, В.Жириновски инапы анҵаны (20.07.2004 ш.). Аригьы ҳаҭырла дазыҟоуп. Аха аԥсуа изы зегьы иреиҳаны ииԥхьаӡо аԥсуара ауп. «Аԥсуара акәын ирыхьчоз ҳадгьыл зхы ақәызҵаз. Аԥсуара ҳзыхьчар – ҳаргьы ҳаиқәнархоит», – иҳәалоит Шоҭа. Нас, ҳажәлар ахеиқәырхара ҳазшаз ираҭәеишьааит.
Аиааира Амш азгәаҭараан, абжьааԥнеиԥш, Шоҭа иҩызцәа дрылагыланы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк ахь днеиуеит. Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа ргәаладыршәоит, иара убас аибашьра аахыс ирыԥхахьоу рҩызцәа. Агәырӷьареи алахьеиқәреи еицуп. «Ҳаԥсадгьыл иахнагахьоу азхазааит, афырхацәа рҿырԥшала ирааӡо аҿар аамҭа бзиа рзыԥшызааит, Аԥсны дмырӡааит…» – абас ажәақәа неимырда-ааимырдоит Шоҭа иҩызцәеи иареи.
Шьардаамҭа иҩызцәа дышрылагылоу, Аиааира Амш даԥылалааит Шоҭа Мырза-иԥа Киут.

Вахтанг Аԥҳазоу

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me