Асценахь ицәырҵит афестиваль ашьаҭаркҩы – аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмаа, адунеи зегьы аҿы еицырдыруа апианино арҳәаҩы Денис Мацуев, атеатр ду асолист, абаритон Игор Головатенко, Антон Гришанин инапхгарала Москватәи Аҳәынҭқарратә академиатә асимфониатә аркестор ацнагӡара.
Сахьаркыратә ажәала ахәылԥаз мҩаԥигон Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист Евгени Книазев. Ирацәаны ахәаԥшцәа зҭааз ари еицырдыруа амузыкатә фестиваль амҩаԥгара сынтәа Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса ахыҵра иадҳәалоуп.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иааиуа амшқәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа – Ԥицунда, иара убас Бедиатәи ауахәама аҿаԥхьа имҩаԥгахоит иҵегьы ауаа рацәаҩны издызыԥхьало ари афестиваль аконцертқәа.
Еицырдыруа амузыкатә фестиваль жәпаҩыла гәахәарыла ирыдыркылахьоу ари аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, иара убас аиҳабыра рхаҭарнакцәеи Жәлар Реизара адепутатцәеи.