Иаԥҵоуп Ахеилак

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Ахада иҟны иҟоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Ахеилак анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагылара аганахьала аҳәынҭқарратә политика арӷәӷәара иазырхоуп.

  Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа инақәыршәаны, Ахада иҟны иҟоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак Аԥҟареи Аилазаареи шьақәырӷәӷәоуп. Убас, атәыла Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут напхгара зиҭо, Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак иалоуп:

 Ануа И.К. – Ареспубликатә наркологиатә диспансер аҳақьым хада;

 Ахьиба Т.И. – Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ;

 Быҭәба  Е.В. – агәабзиарахьчара аминистр;

 Гәынба Х.В. – аҵарадырра аминистр;

 Гогохьиа К.З. – Ауаажәларратә палата алахәыла;

 Пачалиа А.Р. – Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аиҳабы;

Ҳагба Ҭ.М. – атәыла Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо;

 Хьециа О.М. – Аҳәынҭқрратә ҳазалхратә еилкы ахантәаҩы;

 Чычба А.А. – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ;

 Шергелиа Ҭ.А. – атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы (аиқәыршаҳаҭрала);

 Шьаҟрыл С.Н. – Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә напхгараҭара асектор ареферент еиҳабы (Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ).

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me