Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Ԥсковтәи атәылаҿацә агубернатор Михаил Ведерникови видеоеимадарала аусуратә еилацәажәара мҩаԥыргеит цәыббрамза 23 рзы.
Аладатәи Кореиа иаатит Аԥсны акультуратә Центр.
Ацентр аартра рыдныҳәало, адепутат Ан Хо Енг иҳәеит атәылақәа рыбжьара акультуратәи аекономикатәи еимадарақәа рыҿиара иамоу аҵакы.
Ауаҩытәыҩса дшаны Анцәа адунеи данықәиҵа нахыс иаҭәашьазар аупаҧсҭазаара бзиа аха, зегьы ироугәышьом.
Аҭынчра аиқәырхареи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа Рхеилак Аҟәатәи аҟәша ахаҭарнакцәа сентиабр 12 рзы Грозныи ақалақь иаҭааит, 1992-1993 ш.ш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан ҳаԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аҵеицәа рҭаацәарақәа рԥыларазы.
Цәыббрамза 11 рзы 30 шықәса ҵит иналукааша аҵарауаҩ-кавказдырҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥызацәа иреиуаз, аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Иури Воронов дҭадырхеижьҭеи.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, иара убас аҳҭнықалақьи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.