Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» хацыркхоит Аҟәа, ииуль 31 азы. Аконцертқәа авокалистцәеи аконцертмеистрцәеи II Жәларбжьаратәи рконкурс алауреатцәеи афиналистцәеи ргастроль дуқәа ирыцызҵо акакәны иҟалоит.
Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа даҭааит Очамчыра араион Отаԥ ақыҭан иҟоу Абраскьыл иҳаԥы.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба даҭааит ахәыҷқәеи ахбыџцәеи рзы ашьхатә спорт-рзҩыдаратә лагер. Уи еиҿнакааит Афонҿыцтәи аҿар рхеидкыла «Аԥсар», – иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Кәтол ақыҭан Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ автор, асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Аԥсуа бызшәа апроблема иазкын аҳәынҭқарратә бызшәеи, аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи рырҿиаразы, адоуҳатә ҭынха аиқәырхаразы Ауаажәларратә палата акомиссиа инеиҵыхыз аилатәара. Уахь инаԥхьан аҵара аминистр Хана Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Инар Саӡба.
Аԥсадгьыл ахьчараан иҭахаз абаҩхатәра злаз апоет-қәрахьымӡа, апублицист Саида Делба диижьҭеи 60 шықәса ҵуеит ииуль 27 рзы.