Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

«…Ашьха хоура иқәу анаҟәоу аиҟәԥараҿ иҩалшәоит уи аӡы цәыкәбар. Абас ииуеит цәыкәбарк аӡы, аӡиасқәа рыԥсҭазаара, арҩашқәа рҿы зырцәажәо, ацәқәырԥақәа зху амшын…» – иҩуеит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа еицырдыруа иҩымҭақәа руак аҟны.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба адышшыларатә шәҟәы изишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В. В. Путин Баку-.Грозныи иҧыруаз апассаџьыртә ҳаирплан акаҳара инамаданы. Адышшыларатә шәҟәаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа! Гәалсра дула иҳадаҳкылеит иҟалаз аҳаиртә хлымӡаах, хыҧхьаӡара рацәала Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рҭахара. Аҧсны жәлар рыхьӡала гәык-ҧсык ала срыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, еиқәхаз ауааирзеиӷьасшьоит лассы ргәабзиара ашьақәгылара.
Ҳаҭырла,
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо
Б. З. Гәынба
Ԥхынҷкәынмза 25, асааҭ 18:00 рзы Пицунда ақалақь аҿы имҩаԥысит аԥсаӡ аартра иазкыз аныҳәа. Ари ахәылԥаз еиҿнакааит ақалақь ахадара.
Акриптовалиута арҳаразы афымцамч ахархәара алмыршара аусмҩаԥгатәқәа рырӷәӷәара хықәкыс ишьҭыхны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡауа Бадра Гәынба анапынҵа риҭеит:
Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура Аминистрра ахьӡала ишәыдаҳныхәалоит шәиубилеитә ныҳәамш!
Ишдыру еиԥш, ашықәс ҿыц хәыҷгьы-дугьы ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп. Иааиуа ашықәс ргәыӷрақәа, рыгәҭакқәа адырҳәалоит. Ахәыҷқәа ракәзар, Аҵаа-Бабаду иҟынтә аҳамҭақәа ирзыԥшуп.