Хьыӡла ԥшала зҭоурых чаԥоу аԥсуа жәлар жәытәнатә аахыс аибашьраз адунеи иадырхьан, аибашьра адәаҿы иҿырԥшыган. Уи ҩашьара шақәым шәышықәса раԥхьа идырҵабыргхьан. Аԥсуаа ирылиаауан аԥсадгьыл ахьчара зылшоз, ахацәа ӷьеҩцәа. Урҭ реибашьратә ҭоурых рфырхаҵара ашьҭақәа ашәышықәсақәа ирылган иаагоуп.
1941-1945-тәи ашықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан, аибашьра иалахәын аԥсуаа, иҟоуп хьыӡла-ԥшала аибашьра адәаҿы иҭахазгьы.
1992-1993-тәи ашықәсқәа рзы ақырҭуа аԥсуа еибашьра Аԥсны ианнаҵаз ахәра бааԥсқәа рӷьашьа амам. Ҳаԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, ашьаарҵәыра иналагылеит ҳҵеицәа гәымшәақәа, урҭ гәышԥыла рыԥсадгьыл рыхьчон. Иарӷьажәҩаны ҳаибашьцәа инарывагылеит зхатә гәаԥхарала иааз Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәа. Ирацәаҩуп ахақәиҭра зхы ақәызҵаз агәлымҵәахқәа.
Иахьатәи ҳфырхаҵа Владимир Харабуа иҭаацәа рҟынтә рхы иамеигӡа аибашьра иалагылан иаб, иашьа, иаҳәшьа.
Иаб Радион Ҭемыр-иԥа Харабуа аподполковник ичын змаз, 25 шықәса Урыстәыла аррамаҵзура аус азиуан. Анаҩс дхынҳәит иҩныҟа, аус иуан Анхәатәи ашкол адиректорс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аналага абџьар шьҭыхны аҿар днарывагылеит. Ианашьоуп Леон иорден.
Иашьа Аркади Радион-иԥа Харабуа аҳақьым - анастазиолог, аус иуан Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿы, Афон агоспиталь аҿы. Ианашьоуп «Агәымшәарз» амедал».
Иаҳәшьа еиҳабы Заира Радион-иԥҳа Харабуа аус луеит Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩыс. Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳақьым-аԥҟаҩы изаанаҭ ала аус луан Гагратәи, Бзыԥтәи, Афонтәи ахәышәтәырҭақәа рҿы. Иланашьоуп «Агәымшәараз» амедал.
Нас изалшозма абарҭ рҩызцәа апатриотцәа ирылиааз арра маҵзура ада даҽа заанаҭк алихыр. Абас еиԥш иҿырԥшыгаз аҭаацәа рҿы ииз иоуп иахьатәи ҳанҵамҭа зызку.
Владимир (Микич) Радион-иԥа Харабуа диит 1981 шықәса, Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭа. Аҵара иҵон Бзыԥтәи абжьаратә школ аҿы, далгеит 1996 шықәсазы.
1999- 2001 шықәсқәа рзы аррамаҵзура дахысуан Очамчыра акәылӡтәы техника архәҭаҿы. 2002-2024 шықәсқәа рзы аус иуан ЦСН, СГБ. Уи аамҭазы иусуреи Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы аҵареи еилаигӡон. Аррамаҵзураҿы Владимир дҿырԥшыган, гәык-ԥсык ала иуалԥшьа наигӡон. Аҭоурых аӡыблара иаҩызоуп, ашәышықәсақәа рнаҩс ишьҭарақәлеит ҿыц. Дырҩегьых Данбасс азы, хатәгәаԥхарала ацхыраара. 1914 шықәса «Дикаиа дивизиа», «Шәҩык аҽцәа», 2014 шықәса «Дикаиа дивизиа», «Пиатнашка».
Владимир Радион-иԥа Харабуа дреиуоуп Аԥснытәи хатәгәаԥхарала Данбасс иацхраарц ицаз. Аԥсуаа еидызкыло «Дикаиа дивизиа», агәыԥ «Пиатнашка» акомандир ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Ашәарҭара ду ихахьы иаамгакәа зегьы алигон, еснагь девизс иман «Своих не бросаем».
Владимир изааигәаз, дзықәгәыӷуаз, аԥышәеи азыҟаҵареи змаз аҷкәынцәа аӡәырҩы ицәыӡхьан. Уи игәы иҵхон, хьаас иман. Уи зырҵабыргуа акадрқәа аҭоурых иазынхеит.
Владимир Харабуа дҭахеит 2024 шықәса, ажьырныҳәа мза, Авдеевка ахырхарҭаҿ. «Пиатнашкеи», Данбассаи рзы ари цәыӡ дууп ҳәа азырыԥхьаӡеит Урыстәыла.
Ааигәа Владимир Радион-иԥа Харабуа ихьӡ ахҵоуп К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә лицеи-интернат афбатәи акласс.
«Сара ари сыкласс аԥхьа иоусышьҭхьан ҩы-класск, сыклассқәа рыхьӡ ахын аԥсуа еибашьцәа Маврик Владимир-иԥа Наҷҟьебиа, Рикәаа Вадим Владимир-иԥа.
Афбатәи акласс, Владимир (Микич) ихьӡ ахҵара машәырымхаӡеит, акласс санаадәылҵ, ашә аԥхьа игылан, иара ихьӡ зныз аӷәы (мальберт), иара убраҟа исызцәырҵит аидеиа, ари акласс ихьӡ ахҵара, ари аибашьра, ҳара иҳаибашьрамзаргьы, иҭахаз аибашьцәа, ҳара аԥсуаа ҳҵеицәа роуп, убри азы, сара исҭахуп, рӡыргара»,-лҳәеит, акласс анапхгаҩы, Елисо Шьоҭа-иԥҳа Ҳаџьымба.
Ашкол адиректор Лариса Валикәа-иԥҳаи, арҵаҩратә еилазаара имҩаԥыргеит акласстә сааҭ, иҭаацәа алархәны, абра иԥшәма лнапы иадыркит, В.В. Путин идҵа ала «Агәымшәара амедал» данҭаха ашьҭахь.
«Владимир дгәымшәан, дфырхаҵан, ихы дамеигӡеит, ианаҭаххагьы гәышԥыла даԥылеит аԥсра. Ас еиԥш иҟоу афырхацәа рыхьӡ камшәаразы, аҵаҩцәа уалԥшьаны ирыдуп, аҵара бзианы аҵара, аҳәатәхаҵара, рыуаажәлари, рыԥсадгьыли ирыԥсахырц ҭоуба руит», – лҳәеит акласс анапхгаҩы.
Владимир Радион-иԥа Харабуа анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Анхәа. Дҭаацәаран, иԥшәма ԥҳәыс, заанаҭла иекономисту, Зита Кәартааи иареи ирааӡон хҩык ахшара, ҩыџьа аԥҳацәеи, аԥеи. Иахьа урҭ анрагьы, абрагьы рзылуеит.
Рыԥҳа аиҳабы, Софиа аҵара лҵоит Москва ақалақь, РУДН, аҳақьым изаанаҭ ала. Иҷкәын, Нарсоу дҭоуп, Ростовтәи автотранспорттә коллеџь. Аиҵбы, Анна-аԥшьбатәи акласс аҿы дтәоуп, аҵара лҵоит Гагратәи абжьаратә школ № 2. аҟны
Лара лхаҭа, Зита Борис-иԥҳа абыда илызҳаит, лаб Борис Кәартаа, ақырҭуа аԥсуа еибашьраҿы 1993 шықәсазы зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа дреиуоуп. Ианашьоуп «Леон иорден».
Марҭа Гәарамиа


