Ишдыру еиԥш, ашықәс аамҭақәа зегьы рҟынтә еиҳа ихьшәашәароуп аӡын. Уи инамаданы, аӡынразы еиҳа еиуеиԥшым агрипптә чымазарақәа анцәырҵуагьы. Ииашоуп, иҳаҩсыз ашықәсқәа раан, ӡынгьы-ԥхынгьы, аковидтә чымазара аныҟаз аамҭа еиҳа иуадаҩын.

Ҳазну ашықәс азы

23 Ажьырныҳәа 2025 08:05

Ҳара даара ҳақәгәыӷуеит 2025 шықәсазы Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла иаанартып ҳәа Ацәыргақәҵатә зал хада ашәқәа.

Аамҭала иаанкылоуп

23 Ажьырныҳәа 2025 07:45

Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ианвар 21 азы инапы аҵаиҩит «Аҳәынҭқарра (ареспубликатәи мамзаргьы аҭыԥантәи) иатәу атранспорттә хархәагақәа рыҭира, реиҭныԥсахлара, рыҭара, ашәҟәы раныхра аамҭала ақәиҭымтәразы» Аусԥҟа.

Афымцамч

22 Ажьырныҳәа 2025 09:46

Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ианвар 21 азы инапы аҵаиҩит «Аенергетикатә шәарҭадара алыршара аусмҩаԥгатәқәак рзы» Аусԥҟа, – Аԥсныпресс ахь иаарыцҳаит Ахада Иусбарҭа аҟнытә.

Сыԥхыӡ иалоу

22 Ажьырныҳәа 2025 07:59

Еиуеиԥшым аицлабрақәеи, атурнирқәеи, ачемпионатқәеи рҟны аԥхьахәқәа згахьоу, аҟыбаҩ ҷыда злоу аспортсменка, аԥқьаҭ асҩы, Аԥсни Урыстәылеи аспорт азҟаза Ерика Кәарҷиа-ԥҳа ааигәа Жәларбжьаратәи акласс змоу аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ даԥсахеит.

Маҷ-маҷ акәзаргьы

21 Ажьырныҳәа 2025 10:16

Иқалақьума, иқыҭоума, даҽа ҭыԥума иамоуп иара злалыркаауа, иасаркьоу ахыбрақәа. Асовет аамҭазы Аҟәа ақалақь аҿы убас иҟаз ахыбрақәа иреиуан Аҟәатәи авокзал. Иара аиҿкаашьала, аибыҭашьала, излыхыз амаҭәахәқәа рыла, архитектурала уаҩы илаԥш аднахалон.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me