Хамыжә уҽдыр…

12 Мшаҧы 2023 12:09

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира сынтәа 30 шықәса ахыҵуеит. Аха аибашьраан иҟаз афырхацәа рхыҧхьаӡара еиҳахеит аҭынчра аамҭазы.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс «Аибашьра идырым ахҭысқәа» 2023 шықәсазы иацҵахоит. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит аԥшьаша, хәажәкырамза 30 рзы имҩаԥысыз ажурналистцәа Реидгыла апрезидиум аилатәара иалахәыз. Ари 2022 шықәсазы имҩаԥысуаз аконкурс иацҵахоит ҳәа ауп иаанаго. Уи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкхоит.

2022 шықәсазы имҩаԥгаз аусура аихшьалақәа рыҟаҵара иазкын хәажәкырамза  28 рзы имҩаԥысыз Аԥсны аҭҵаара­дыррақәа Ракадемиа азеиԥш усуратә еизара.

86 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Аџьа Абираҟ Ҟаԥшь аорден, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистрс, АССР Иреиҳаӡоу асовет адепутатс, 1993-2005 шықәсқәа рзы Аԥсны афинансқәа рминистрс аус зуаз Бганба Лили Дыгәыжь-иԥҳа.

Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгараҭареи атәыла Аиҳабыра рхаҭарнакцәеи алархәны.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган афымцамч ахархәара агәаҭаразы амаругақәа раахәара инамаданы аинфраструктуратә кредит иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рзы аизара иалахәыз адырра рылҭеит.

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспубликеи ганрацәала ацхыраара рнаҭалоит, арҭ аҳәынҭқаррақәа рыжәларқәа хатәгәаԥхарала иалырхыз, жәлар­бжьаратәи азин ала ишьаҭарку Урыстәылахь аинтеграциа адгылара аҭара иацнаҵоит. Абри атәы азгәаҭоуп ахәаша, хәажәкырамза 31 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ишьақәирӷәӷәаз Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика аконцепциа ҿыц аҿы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me