Аҳәынҭқарратә Герби Абираҟи рыдкылара ҟалеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара акырӡа зҵазкуа аетапқәа ируакны. Амилаҭтә символқәа рыдкылара даара аҵак ду аиҭон Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба.
Ауаҩы есааира иҿыцу аҭҵаарақәа мҩаҧигоит, иҟаиҵо аартрақәа рҳәаақәа ирҭбаауеит. Шьаҿацыҧхьаӡа аихшьалақәа ҟаиҵоит, уи азы ахархәара ду аиҭоит аматематика.
Ииуль хәба рзы 80 шықәса ихыҵит еицырдыруа асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы Виссарион Ҵәыџьба.
Абас ахьӡын ҳақалақь Аҟәа амшныҳәаз Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә залаҿ еиҿкааз ацәыргақәҵа. Уи алыршан Аҟәа ақалақь ахадара ацхыраарала.
Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵреи, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара жәохә шықәса ахыҵреи разгәаҭара аламҭалазы, Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан иқәдыргылараны иҟоуп аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа.
Имҩаҧысит ауаажәларратә палата 6-тәи ааҧхьара аилазаара ҿыци, Аҧсны Ахада Аслан Бжьниеи реиҧылара.