Август 2 инаркны 9 азынӡа Аҟәа имҩаԥысуан XX Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны Open 2023». Уи азкын 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи.
Нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы аҧсуа жәлар ашәарҭара иҭагылеит. Аҧсуаа ргәырҽанӡамкәа ақырҭқәа рыжәлеит. Ҭоурыхла ибеиоу ҳаҧсадгьыл Аҧсны ақырҭуа инапаҟны иааигарц иақәикит. Аха ҳашьцәа гәкажьрак ҟамҵакәан, рҽааидкылан еихеит ҧхьаҟа.
Мышқәак раҧхьа Аҧсны иаҭааз ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа есҽны еиуеиҧшым аҭыҧқәа ирҭаауеит.
Август 9 азы Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниеи рылацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-дгьылҵакыратә еизшарақәеи аиланхарҭақәеи рыхьӡқәа рзы, урҭ урыс бызшәала, англыз бызшәала рҩышьа ашьақәырӷәӷәаразы» Жәлар Реизара ақәҵара анагӡара азҵаарақәа. Абри атәы аанацҳауеит Аиҳабыра рпресс-маҵзура.
1992 шықәса, август 14 рзы аҧсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи инеины инҭагылт. Иҳақәлаз аҕа иганахьала аҧсуаа ахаан ҽеи ишазҧшымызгьы, уи аҽны аибашьра иалагоит ҳәа аӡәгьы дыҟамызт.