Аԥсны Жәлар Реизараҿы

10 Ԥхынгәы 2023 13:31

Ииуль 5  азы имҩаԥысыз  Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы адепутатцәа ирыдыркылеит «2022 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет ианагӡашьоу азы» азакәанпроект. Абиуџьет ианагӡашьоу азы аҳасабрба ҟаиҵеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Ӡи-мцеи ириааиуа

07 Ԥхынгәы 2023 08:06

Еиуеиҧшым ахҭысқәа рыла еилоуп, ганрацәала ишьақәгылоуп ауаҩы иҧсҭазаара. Еснагь ауаҩы иҧсҭазаартә мҩаҿы иаҧиҵо ахҭысқәа даныргәылагылоу, агәҽанызаара имазароуп. Ауаҩы амашәыр данақәшәо издырам, убри аҟнытә ишьаҿақәа шәаныизаны иҟаиҵалароуп, илаҧшҳәаа ҭбаазароуп. Иҟоуп ауаҩы аҧсабаратә цәырҵрақәа ирыхҟьо амашәыргьы данақәшәо.

Аҭыжьымҭа аӡыргара

07 Ԥхынгәы 2023 08:03

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иӡырнагеит Аҧсны анаплакқәа ркаталог 15 аҭыжьымҭа. Уахь инаҧхьан 50-ҩык раҟара, убарҭ рхыҧхьаӡараҿы – анападкылаҩцәа, аҳәынҭчынуаа, ауаажәларра, ажурналистцәа.

Азҳара иадҳәалоу аҧсҭазаара ду ахь, сынтәа Тҟәарчал араион аҿы ршьаҿа еихыргеит жәибыжь школ роушьҭымҭацәа, иааидкыланы шәи ҩажәи жәаҩык  аҭыҧҳацәеи арҧарцәеи, урҭ рыбжьара хынҩажәаҩык ибзианы аҵара рҵон ҳәа иалкаан.

Ирхамышҭуа амш

07 Ԥхынгәы 2023 07:55

Ашколтә ҧсҭазаара ааныжьны, 11-шықәса аҵара дзырҵоз рырҵаҩцәа абзиараз ҳәа раҳәаны аҧсҭазаара амҩа ҭбаа ианыло ашкол аушьҭымҭацәа рзы абжьаратә ҵара ахыркәшара иазкыз агәырҕьаратә ҭагылазаашьа змаз аныҳәа мҩаҧысит Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны. Арахь имҩахыҵит Аҧсны атәыла анапхгара, арҵаҩцәа, аҭаацәарақәа, иара убас ашкол аушьҭымҭацәа.

Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аҟәатәи амшын баӷәазаҿы апассаџьыртә лаинер даԥылеит. "Князь Владимир" апассаџьырцәа рзы раԥхьаӡакәны Аҟәатәи амшын баӷәаза иаадгылеит. Уи иҭан 81-ҩык апассаџьырцәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me