Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны аԥкьаҭ асразы афедерациа актәи ахада Омар Кәарҷиа игәалашәара иазкны Аҟәа имҩаԥысуаз XVI-тәи Жәларбжьаратәи атурнир хыркәшахеит.
Зхатә ҷыдара змоу, зегь реиҳа ицқьоу амилаҭтә цәаҩа аӡыхьқәа рхы ахьыҵырхуа, аԥсуа мца жжаӡа иахьеиқәу ақыҭа даҽакы иалаҩашьом.
1961 шықәсазы идыргылаз, Тҟәарчал ақалақь аҩ-хәҭак: хыхьтәи ҵаҟатәи еидызкыло ақалақьтә мардуан аиҭашьақәыргылара напы адыркит. Шықәсырацәа ҵуеит ари амҩангага ауаа рхы иадырхәоижьҭеи, убри азы аҭыԥантәи аиҳабыра уи еиҭашьақәыргылахарц рыӡбеит. Аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи афинанстә цхыраара змоу апроект анагӡара мҩаԥнагоит Георги Харчлаа напхгаҩыс дызмоу ООО «Союз-W» акомпаниа.
Иҭыҵит алитература-сахьаркыратә, ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» ахԥатәи аномер.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет есышықәса имҩаԥнагоит «Аҳаракырахь амҩа» ҳәа хьӡыс измоу аолимпиада. Уи хықәкыс иамоуп аҵара аганахьала аҟыбаҩ злоу аҿар ралԥшаара, ацхыраара рыҭара, алшара бзиақәа рзаԥҵара.
Аԥсны иҟан Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аделегациа. Уи напхгара аиҭон Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.