«Иаку» абилеҭ ала Аԥсныҟа апассаџьырцәа рымҩангара еиҭахацыркхоит мшаԥымза 30 рзы, иагьымҩаԥыслоит 2026 шықәса цәыббрамза 30 рҟынӡа.
Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, Аинрал С. Дбар имҩаҿы ақәаршҩытә ӡымҩангага шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылагеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба анапхгараҭаҩцәа реицлабра «Аԥсны Акоманда» амҩаԥгашьа ахәшьара ҳаракы аиҭеит.
Д.Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аусзуҩцәа алахәхоит XLII Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Горки иаԥхьарақәа» ҳәа аанацҳауеит акультура аминистрра апресс-маҵзура.
В.Г. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» арҿиаратә еицлабра «Аҟәа амҵәыжәҩақәа: аиҩызара ацҳа» захьӡу алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.