Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш Азгәаҭаразы аилацәажәара мҩаԥигеит

 Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымши Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амши разгәаҭара иазку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәара иалахәын атәыла аԥыза-министр Валери Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  Беслан Ешба,  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Арбџьар мчқәа рыштаб хада аиҳабы Владимир Савченко, Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Ҭемыр Агрба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәыла аҳәынҭқарратә ныҳәа хада, ҳажәлар рзы аҵак ду зламоу  ала иреиҳаӡоу аҩаӡара аҭаны ишеиҿкаатәу.

Аҳәынҭқарра Ахада, атәыла Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада идҵаҟаҵара инақәыршәаны цәыббрамза 30 рзы,  Аҟәа ақалақь Аидгылара амҩаҟны Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара анаҩс имҩаԥысуеит  атәылахьчара Аминистрра аррамаҵзурауааи егьырҭ амчратә еилазаарақәеи злахәу аныҳәатә ныҟәара.

Аиааира амш ныҳәазы иаартхоит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал, иара убас иазгәаҭоуп еиуеиԥшым аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара. Урҭ аҽрылахәразы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп Урыстәыла, Аахыҵ  Уаԥстәыла  уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтә асасцәа жәпаҩык.

 Ақалақь ахада Агрба Ҭемыр атәыла Ахада адырра ииҭеит цәыббрамза 27 рзы Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра амш азгәаҭаразы иҷыдоу ауснагӡатәқәа ҳазыԥхьагәаҭоу.

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me