Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵара аишьашәалара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркыло анорма-зинтә шәҟәынҵақәеи имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа зегьи аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аекономикатә, агуманитартә, аинфраструктуратә усеицура аҿиара иацхраауеит.
Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩы Ҭемыр Џьынџьали алархәны аилатәара мҩаԥигеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Кәыҵниа Лев Контантин-иԥа Урыстәылатәи Афедерациа арегион ҿыцқәа (Донецктәи Жәлар р-Республика, Лугансктәи Жәлар р-Республика, Запорожиатәи Херсонтәи аобластқәа) аус рыцуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп.
Ҩ-сааҭк инареиҳаны имҩаԥысуан жьҭаарамза 19 рзы еиҿкааз Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа.
Арҵаҩы-ааӡаҩ, ари ажәа ахаҭа иаҳәоит иарбан ҭакҧхықәроу ауаҩы иднаҵо. Ишдыру еиҧш, абаҩхатәра ахала ахы цәырнагоит. Ауаҩы даныхәыҷу инаркны лассы-лассы дазхәыцлар иаҧхьаҟа иалихуа азанааҭ, ҳәарада, уи аусаҿ иҽҧишәар, изанааҭгьы иқәманшәалахоит.
Ааигәа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥган Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Шьазина Џьапуа лышәҟы «Амшынҵақәа. Шәиԥхьыӡ згымхаша аибашьра…» (14.08. 1992 – 30.09. 1993) аӡыргара.