Аԥсныпресс. Абҵарамза 1 азы имҩаԥысит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьали русуратә еиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара апресс-маҵзура.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра иалоу дыдирдырит иара Иусԥҟала ноиабр 1 азы Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаиҵаз Џьансыхә Едуард-иԥа Нанба.
2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара Аҳәынҭпрограмма ианагӡашьоу иазкын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысыз аилацәажәара. Абри атәы аанацҳауеит Ахада исаит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа идҵала Аԥсны Ахада Иусбарҭеи амассатә информациа ахархәагақәеи реимадарақәа рзы аусбарҭа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡоз Смыр Ахра Виктор-иԥа ихы дақәиҭтәуп даҽа усурак ахь дахьиасыз инамаданы.
Беслан Џьопуа ихы дақәиҭтәуп Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дахьыҟаз аҟнытә.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала шықәсырацәала, лыҵшәабзиала русуразы, Аԥсуа телехәаԥшра арҿиараҿы рлагаламҭазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵоуп Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа.