Амшын еиқәа жәларбжьаратәи амш азгәаҭара ахьӡала абҵарамза аҧхьатәи амшқәа рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаҧысит IХ-тәи аурыс-аҧсуа хәыҷтәы екологиатә форум «Ҩ-ҳәынҭқаррак мшынк аҿықәан» - ҳәа хьӡыс измаз.
2003 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аушьҭымҭацәа Альбина Едик-иҧҳа Ҕәынџьиеи Фатима Гиви-ҧҳа Адлеибеи рхатәгәаҧхарала Галҟа ицеит. Уаҟа усҟантәи аамҭазы аҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы рхы мшаҭо рҵаҩцәас аусура иалагеит.
Абазашҭа инхо Ҟарачы-Черқессктәи Ареспублика зҽаҧсазтәыз артист Хачуков Магомет Азамаҭ-иҧа диит ноиабр 4, 1953 шықәсазы Ҟарачы-Черқесск ақыҭа Ԥсыж.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә иҷыдоу аԥсихиатриатә хәышәтәырҭа аусура, ачымазцәа иахьыҟоу аҭыԥ аҭагылазаашьақәеи иарбоу амедусбарҭа зеиԥшроуи ргәаҭара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Ааҧсарак ззымдыруаз еицырдыруа аҵарауаҩ, Аҧснытәи ашьхақәеи Нхыҵтәи ашьхақәеи рхи-рҵыхәеи дырхысны иҭызҵааз Таҷ Гыцба диит абҵарамза 20, 1933 шықәсазы Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан анхаҩнага иҭаацәараҿы.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Левант Аҭрышба идиныҳәалеит Ҭырқәтәылан Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩыс дахьалырхыз.